Аепидемиолог ахәшьара аиҭеит массала алаҵаҟаҵара акоронавирустә епидемиа ишаныруа

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНачалась финальная стадия испытаний вакцины от коронавируса
Началась финальная стадия испытаний вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп COVID-19 ахҽра иазырхоу алаҵақәа ҩба, даҽа лаҵак аклиникатә ҭҵаарақәа ирхысуеит.

АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. COVID-19 иадҳәалоу аепидемиологиатә процесс амҩаԥысшьа амассатә лаҵаҟаҵара анырра шанаҭо атәы лҳәеит Роспотребнадзор Аепидемиологиа ЦНИИ аклиникатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Антонина Плоскирева ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны
Алаҵа "Спутник V" ашықәс анҵәамҭазы аҭыжьра хәынтә иаздырҳауеит

"Аепидемиатә процесс амҩаԥысшьа анырра ду анаҭоит ҳәа ҳазыԥшуп амассатә лаҵаҟаҵара. Ауааԥсыра реиҳараҩык алаҵа рзыҟаҵара ачымазара акыр ихнаҽыроуп", - лҳәеит Плоскирева.

Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҟны иаԥҵаз актәи алаҵа — "Спутник V" — нанҳәамзазы ашәҟәы иҭагалан.

Жьҭаарамзазы Роспотребнадзор ацентр "Вектор" аҿы аус адуланы ашәҟәы иҭаргалеит акоронавирус зшьаҽуа аҩбатәи алаҵа "ЭпиВакКорона".

Уажәы аус адырулоит даҽа лаҵак Чумаков ихьӡ зху РАН Аиммунобиологиатә препаратқәа рыҭҵаара Ацентр аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0