Алаҵа "Спутник V" аушьҭратә хәыԥса шьақәыргылоуп

© пресс-служба Минздрава РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьа ашәҟәы иҭагалоу акоронавирустә инфекциа COVID-19 хызҽуа алаҵақәа "Спутник-V" 95% хра аманы ахы аанарԥшит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5-Sputnik. Аҿкычымазара хызҽуа алаҵа "Спутник V" ҩ-дозак аушьҭратә хәыԥса шьақәыргылоуп, иара иартәеит 1942 нызқьмааҭ, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алықьса Кузнецов иажәақәа шьаҭас иганы.

Вакцинация - Sputnik Аҧсны
Алаҵа "Спутник V" аиуразы 50 тәыла азыҳәақәа ҟарҵеит

"Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа аушьҭратә хәыԥса шьақәнаргылеит, ҩ-дозак 1942 нызқьмааҭ иаԥсоуп. Хә-ҭоԥк ҩба-ҩба доза зҭоу ахәԥса иартәоит 9710 нызқьмааҭ", - иҳәеит Кузнецов.

Уаанӡа, адырра ыҟан урыстәылатәи алаҵа мраҭашәаратәи алаҵақәа рыхәԥса еиҵахоит ҳәа.

Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Хьӡыс иаҭан "Спутник V".

Алаҵа аҭҵаарагәаҭарақәа қәҿиарала ирхысит 18 - 60 шықәса зхыҵуаз хатәгәаԥхарала иҟазҵаз рҿы. Урҭ зегьы рҿы акоронавирустә инфекциа COVID-19 аиммуннтә ҭаки ацәеижьҿагыларақәеи роуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0