"Британиатәи" COVID аштамм аазырԥшуа адунеи аҿы раԥхьатәи атест-система ҭарҩит Урыстәыла

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория "Инвитро" начала тестирование на коронавирусную инфекцию
Лаборатория Инвитро начала тестирование на коронавирусную инфекцию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус SARS-CoV-2 аҽеиҭакра ҿыц аарԥшын Британиа ду, 2020 шықәса анҵәамҭазы.

АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵарауаа ашәҟәы иҭаргалеит адунеи аҟны ираԥхьатәиу атест-система "британиатәи" COVID аштамм ашьақәыргыларазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Роспотребнадзор асаит адыррақәа рыла.

"Роспотребнадзор аепидемиологиазы аҭҵааратә институт хада аус адуланы ашәҟәы иҭаргалеит адунеи аҟны ираԥхьатәиу атест-система "британиатәи" COVID аштамм N501Y ашьақәыргыларазы", - ҳәа аанацҳауеит ахылаԥшратә усбарҭа.

Иазгәаҭоуп атест-система ҿыц ишаанарԥшуа зҽеиҭазкыз аштамм, иара адунеи аҿы ишраԥхьатәиу. Аклиникатә ԥышәарақәа иаадырԥшит алшара ҳарак.

Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Урыстәыла акоронавирус "аеталонтә" штамм аԥырҵеит

"Атехнологиа ҿыц ахархәара аҭахар ауеит SARS-CoV-2 егьырҭ аҽеиҭакрақәа раарԥшразгьы, иара убасгьы егьырҭ аҿкқәа раарԥшраз массала атестҟаҵара ахьаҭаххо аҭыԥқәа рҿы", - ҳәа азгәанаҭоит Роспотребнадзор.

SARS-CoV-2 авариант ҿыц шаарԥшу атәы иҳәеит ԥхынҷкәын 14 рзы Британиа агәабзиарахьчара аминистр. Англиа аҳақьым хада ишьақәирӷәӷәеит акоронавирус амутациа ҿыц 70 процент еиҳа иццакны ишрылаҵәо, еиҳа ахыхьчара шаҭаху.

Ажәабжьқәа зегьы
0