ЕАА Шьамтәылаз Шәачатәи аиԥылара аҽалархәра иақәшаҳаҭым

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссия и Турция провели совместное патрулирование в сирийской провинции Алеппо-Латакия
Россия и Турция провели совместное патрулирование в сирийской провинции Алеппо-Латакия - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Шьамтәылаз жәларбжьаратәи аиԥылара "астанатәи аформат" (Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран) Шәача имҩаԥысраны иҟоуп жәабран 16-17 рзы.

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. ЕАА Шьамтәылаз Шәачатәи аиԥылара аҽалархәра ишақәшаҳаҭым азы адырра ҟанаҵеит ҳәа иҳәеит Шьамтәылаз Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Александр Лаврентьев, ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Аконференциа алахәхаразы ааԥхьара америкатәи аган иазышьҭын аха мап ацәнакит.

"Иахьазы америкаа рыҩныҵҟатә усқәа реилыргара иаҿуп. Иҟалап шьамтәылатәи ахырхарҭаҿ рхы шымҩаԥыргаша макьаназ ишьақәдмыргылацзар", - ҳәа реиҳәеит Лаврентьев ажурналистцәа.

Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран рделегациақәа, Шьамтәыла аиҳабыреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа Шәачаҟа иааит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Шьамтәыла азҵаарақәа рзы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Александр Лаврентьев.

Иара иҳәеит уаанӡа аиԥылара шымҩаԥгамыз акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны. Лаврентьев иҳәеит Шәачаҟа ишааиз ООН амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак Геир Педерсен зхадараҿы дыҟоу аделегациа.

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2020
Путини Ердогани Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит

"Иара убасгьы арахь иааит ахҵәацәа русқәа рзы Иреиҳаӡоу акоммисар иусбарҭаҟынтәи аделегациа, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аделегациа иара убасгьы Иорданиа, Ирак, Ливан рҟынтәи анаԥшыҩцәа", - иҳәеит иара.

Аиԥылараҿы иазыԥхьагәаҭоуп аихшьаалақәа рыҟаҵара, ԥхьаҟатәи апланқәа рышьақәыргылара.

"Ауснагӡатә алахәылацәеи ҳареи ҳаилацәажәеит акризис аполитикатә ҭышәныртәалара азҵаара хра аҭаны ҳшазнеиуа. Ҳәарада ООН амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак Педерсен ҳиҿцәажәоит аконструктивтә атмосфера аԥҵаразы", - иҳәоит Лаврентьев.

Иналукааша зҵаараны Лаврентьев иҳәеит атерроризм аҿагылара.

"Ҳара зегьы еилаҳкаауеит аҭагылазаашьа шыуадаҩу. Иалшо зегь ҟаҵалатәуп аиҭеиҿагылара ҟамларц. Усеиԥш ҟалар Шьамтәыла адагьы арегион зегь азы ибааԥсырахоит", - иҳәеит Лаврентьев.

Шьамтәыла бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ҟалеит 2011 шықәсазы. 2017 шықәсазы ирылаҳәан атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" Шьамтәылеи Ираки ишеиааиз азы. Атәылаҿы аԥхьатәи аҭыԥ ахь инагахеит аполитикатә ҭышәныртәалара, Шьамтәыла аиҭашьақәыргылара, ахҵәацәа рырхынҳәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0