Трамп Баиден аҳаирплан аҭалараан ишьацәхныслара ахҳәаа аиҭеит

© AFP 2023 / ERIC BARADATПрезидент США Джо Байден совершает поездку во время посадки на борт Air Force One на совместной базе Эндрюс в Мэриленде 19 марта 2021 года
Президент США Джо Байден совершает поездку во время посадки на борт Air Force One на совместной базе Эндрюс в Мэриленде 19 марта 2021 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2021
Анапаҵаҩра
Еиду Америкатәи Аштатқәа ахада Џьо Баиден ахәаша, хәажәкыра 19 рзы аҳаирплан ахь данхалоз хынтә дшьацәхныслеит.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. ЕАА уаанӡатәи ахада Дональд Трамп Џьо Баиден аҳаирплан аҭалараан ишьацәхныслара ахҳәаа аиҭеит. Уи TikTok аҟны икьыԥхьын ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Стәаны сихәаԥшуан Џьо Баиден аҳаирплан ахь дышхалоз, иагьысҳәон – "Мап. Сара саҵамхеит" ҳәа", - иҳәоит Трамп.

Уаанӡа, хәажәкыра 19 рзы ирыларҵәан Џьо Баиден аҳаирплан аҭалараан хынтә дшышьацәхныслаз узырбоз авидео. Авидео ҭырхит ажурналистцәа.

Аҩны Шкәакәаҿы ирҳәеит, уи мзызс иамаз иқәыз аԥшаӷьы ауп, ахада игәабзиара дахашшаауам ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0