Шәача адгьылҳәазара иахҟьаны амҩаду аҿы ареверс ала аныҟәара алагалоуп

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСочи спустя пять лет после Олимпиады
Сочи спустя пять лет после Олимпиады - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 22, 2020 шықәсазы автомашьынатә федералтә мҩа А–147 Џьубга – Шәача – Аԥсны аҳәаа Лазаревтәи араион аҿы адгьыл ҳәазаны амҩаду ахәҭак ықәнагеит.

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Адгьылҳәазара ахьыҟалаз Афедералтә мҩа ахәҭа ахыкәшарҭа амаӡам, ара аҭагылазаашьа ҷыда арежим алагалахоит ҳәа аанацҳаит уаанӡа Амҩақәа рхылаԥшра афедералтә усбарҭа "Черноморье" апресс-маҵзура.

Укладка дорожного полотна   - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Адгьылҳәазара Шәача Афедералтә мҩа ахәҭак аԥхасҭа анаҭеит

Хәажәкыра 22, 2020 шықәсазы автомашьынатә федералтә мҩа А–147 Џьубга – Шәача – Аԥсны аҳәаа (157 км + 500 – 158 км +500) Лазаревтәи араион аҿы адгьыл ҳәазаны амҩаду ахәҭак ықәнагеит, арӷәӷәага ҭыӡқәа ҵнашәааит, амҩа ахаҭа иақәыз акаҭран ахнаҳәеит

Хәажәкыра 23 рзы ара еиҿкаахеит ареверстә ныҟәара.

Адгьыл аҳәазара аанкыларазы иқәдыршәит аӡы злымсуа аматериал ала. Адгьыл аҳәазара ахымҩаԥгашьа ҭырҵаауеит аҟазауаа атехникатә ӡбашьа адкыларазы, амҩа аиҭашьақәыргылараз ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Аҭагылазашьа хылаԥшра арҭоит Шәача ахада Алексеи Копаигородски зхадараҿы дыҟоу акомиссиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0