Ҟрымаз аӡымшьа аԥшаара иашьҭалеит Азовтәи амшын аҿы

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Ялта
Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Анапаҵаҩра
Ҟрым аӡы азымхаразы арежим ҷыда алагалоуп. Симферополь аиҳара ӡыла еиқәзыршәо артезиантә ҵеиџьқәа роуп.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Аилахәыра ду нап анаркит Ҟрым азы аӡымшьа Азовтәи амшын аҵаҿы аԥшаара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Ҟрым аиҳабыра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Евгени Кабанов иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡа Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Марат Хуснуллин аҳәамҭа ҟаиҵахьан Азовтәи амшын аҿы акылҵәарақәа ирылагараны иҟоуп мшаԥымза алагамҭаз ҳәа. Апроекттә усурақәа мҩаԥганы ирылгахьеит. Ҟрым аҭҵаарадырратә академиа ахада Виктор Тарасенко ишьақәирӷәӷәоит Азовтәи амшын аҵаҿы аӡиасқәа Дони Ҟәыбани рӡышьҭра шиасуа. Уи азы ара аӡымшьа ыҟазар ҳәа агәыӷра ыҟоуп.

Города России. Ялта - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2020
Асезон иақәгәыӷуеит: Ҟрым аԥсшьарҭа ҭыԥқәа заанаҵы иҿарҵоит

"Аилахәыра ду нап анаркит Ҟрым азы аӡымшьа Азовтәи амшын аҵаҿы аԥшаара", - иҳәоит Кабанов.

Уи адагьы иара иажәақәа рыла аусурақәа цоит Симферопольтәии Бахчисараитәии араионқәа рҿы.

"Азовтәи амшын аҵаҿы аӡымша ҟалар, уи Аҩада-Ҟрымтәи аканал ахь инеиуа иҟаҵахоит. Иахьазы аканал ахәҭак ахьӡыдоу азы аус ауам", - иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Украина 85% аӡазы Ҟрым аҭахрақәа еиқәнаршәон Аҩада-Ҟрымтәи аканал ала иаанашьҭуаз Днепр аӡқәа рыла. Аха Ҟрыми Урыстәылеи анеидыла ашьҭахь ари аканал ала ареспубликахь аӡынашьҭра иаҟәыҵит. Ҟрым ӡыла аиқәыршәара мҩаԥысуеит уадгьылаҵатә ӡыхьқәеи аԥсабаратә ӡеизакырҭақәеи рыла аха урҭ аҵыхәтәантәи ашықәс азы ақәоурақәа рмаҷра иахҟьаны ишахәҭоу ӡыла изҭәуам.

Ҟрым аӡы азымхаразы арежим ҷыда алагалоуп. Симферополь аиҳара ӡыла еиқәзыршәо артезиантә ҵеиџьқәа роуп.

Урыстәыла аиҳабыра иазнархиеит акомплекстә план адгьылбжьахаҿы аӡыдара проблеманы иҟамларц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0