Еврокомиссиа уаанӡатәи ахада урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аанахәарц ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Густаво Вальенте / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Испании
Вакцинация от коронавируса в Испании - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи алаҵа хәажәкырамза инаркны ахәшәқәа рзы Европатәи амаҵзураҿы (ЕМА) агәаҭарақәа ирыхрыжьуеит.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Евроеидгыла урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" агәаҭара ианахыслак ашьҭахь иаахәазар ахәҭоуп ҳәа австриатәи ателеканал ORF аефир аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Еврокомиссиа уаанӡатәи ахада Жан-Клод Иункер. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Производство вакцины Sputnik V в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2021
Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

"ЕМА "Спутник V" ныҭкааны ианыҭнаҵаалак ашьҭахь ари алаҵа аахәара ахәҭаны избоит. Авирус ҳәаа еилнахӡом. Алаҵа ахьыҭрыжьызи аус ахьадуылази акгьы аанагом хра аманы иҟазар", - иҳәеит Иункер.

Еврокомиссиа уаанӡатәи ахада иазгәеиҭеит "COVID-19 - хәмаргам" ҳәа, иагьиҳәеит алаҵа Урыстәыла иахьыҭрыжьуазы мап ацәкра иашам ҳәа.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" хәажәкырамза 4 инаркны алаҵақәа европатәи аџьармыкьаҿ рхархәара азин ҟазҵо ахәшәқәа рзы Европатәи амаҵзураҿы (ЕМА) агәаҭарақәа ирыхрыжьуеит. ЕМА иазгәарҭеит "Спутника V" аҭҵаара – ари алаҵақәа зегьы рзы имҩаԥырго процедуроуп ҳәа. АИХқәа рдыррақәа рыла уадаҩрак ҟамлар урыстәылатәи алаҵа ахархәаразы ақәшаҳаҭра лаҵарамзазы имҩаԥгахар ҟалоит.

Алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 91,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0