Урыстәыла Ҭырқәтәылаҟа ачартертә реисқәа ааннакылоит

CC0 / / Стамбул
Стамбул  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Ҭырқәтәыла рыԥсы ршьоит 25-30 нызқьҩык урыстәылаа.

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Урыстәыла Ҭырқәтәылаҟа ачартертә реисқәа ааннакылоит ари атәылаҿы коронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара ахьыҳараку азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ситуация в связи с принятием мер против коронавируса в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2021
Онишьенко урыстәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аԥсшьаразы Аԥсны алырхларц

Ари аԥкра мызки бжаки аус аулоит. Макьана еилкаам ари аԥкра иааиԥмырҟьаӡакәа ицо ареисқәа аҵанакуоу иаҵанамкуоу. Атәылаҟынтә атуристцәа рықәгара азҵаара иалацәажәам, макьаназы планла урыстәылаҟа рырхынҳәроуп излацәажәо.

Уаанӡа Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат, РАН академик, Роспотребнадзор уаанӡатәи ахада Геннади Онишьенко ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылаа аԥсшьаразы Ҭырқәтәылаҟа акәымкәа Аԥсныҟа рхы дырхарц.

Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы Ҭырқәтәыла COVID-19-хҭысқәа акыр ирацәахеит. Роспотребнадзор ахада Анна Попова лажәақәа рыла Ҭырқәтәылантә ауп Урыстәылаҟа аиҳарак акоронавирус штаммқәа ахьаланагалаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0