Урыстәыла Израили Палестинеи рыбжьаҟазара иазыхиоуп

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2021
Анапаҵаҩра
Асектор Газа аҟны аҭагылазаашьа акыр еибарххоуп. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла израильтәи аганахьала иҭахахьеит 12-ҩык, палестинатәи аганахьала — ҩышәҩык инареиҳаны.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Урыстәыла Израили Палестинеи рыбжьаҟазара иазыхиоуп ҳәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Богданов Израиль ацҳаражәҳәаҩ Александр Бен Цви иеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА новости, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра шьаҭас иҟаҵаны.

"Израиль-Палестинатәи аизыҟазаашьақәа рҭагылазаашьаз иаартны аицәажәараан урыстәылатәи аган агәҭынчымра аанарԥшит аибарххара аҽахьарҭбаауазы, ԥхьаҟа аҭынч уааԥсыра хыԥхьаӡара рацәала рҭахара зыхҟьар ауа ашьаҿақәа ралмыршаразы", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Аминистрраҿы агәрагара аадырԥшуеит Москва ззыхиоу абжьаҟазаратә ус ажәҩахыр ақәҵара ишалшо аимак аҭышәныртәалара.

Палестинцы собираются на месте разрушенных домов после израильских авиационных и артиллерийских ударов в секторе Газа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Урыстәыла Израили Палестинеи ахымца ааныркыларазы ааԥхьара ҟарҵеит

Израили асектор Газеи рҳәааҿы аҭагылазаашьа ҵар шьақәгылеит лаҵара 10 ауха.

Ара аганқәа аракетатә еиҿахысрақәа мҩаԥыргоит. Аимак аескалациа иаалагазар палестинатәи анклав аҟынтәи израильтәи аҵакырахь 3,7 нызқь ракета ҭырҟьоуп, 1 150 урҭ рҟынтәи аҳауаҽацәыхьчаҩцәа иааныркылеит, 540 анклав аҩнуҵҟа икаҳаит. ПРО аусура 90 процент ыҟоуп ҳәа ахәшьара анаҭоит Израиль. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Израиль жәаҩаҩык ҭахеит, 50-ҩык ахәрақәа роуит. Израиль абри аҭакс Газа асектор иалахысуеит. Иҭахаз палестинаа рхыԥхьаӡара 217-ҩык ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 63-ҩык хәыҷқәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0