Урыстәыла аҳәаанырцә студентцәа рзы агрантқәа аларгалоит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозобновление очного обучения в вузах
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцә студентцәа рзы агрантқәа ирызку ақәҵара апроект Урыстәыла Аҵара аминистрра иакьыԥхьит азинтә актқәа рофициалтә портал аҿы.

АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik, Мариа Науменко. 2022 шықәса рышьҭахь есышықәса уаанӡатәи СССР атәылақәа рҟынтәи 500-ҩык аҳәаанырцә студентцәа агрант роур рылшоит.

Иарбан харџьқәоу агрант ала ихадырҭәаауа

- Есышықәса рыҩнынтә рҵаратә ҭыԥ аҟынӡа раареи рцареи рыхә ршәоит аԥышәарақәа қәҿиарала рыҭираан. Убри аан астудент аҳаирплан, адәыӷба ма иарбанзаалак адгьылхыхьтә транспорт азы абилеҭи аҳәаа дшахысыз азы адокументи имазароуп;

Люди за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2021
Аԥснытәи абитуриентцәа азанааҭ ҿыцқәа алырхыр рылшоит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны

- Амедицинатә ԥгаԥсацҵа аполис ахәшәара;

- Аҵараиурҭа азеиԥшнхарҭаҿ анхаразы ахарџьқәа рыхәԥса;

- Есымзатәи астипендиа-цҵа (Аҵараиурҭа астипендиа анаҩс). Аԥарашәара астудент аҵара ахьиҵо Урыстәыла арегион аҩнуҵҟа иҟоу иреиҵаӡоу анхаратә лшара аҩаӡара иақәшәоит. Москва уи 18 029 мааҭ инаӡоит, Воронеж - 9 689 мааҭ, Новосибирск – 12 785 мааҭ.

Ашәарақәа зегьы аҳәаанырцә студент иҵараҵашьа иахьырԥшуп. Акы ма инеиҳаны маҭәар рзы астудент "юба" ма "хԥа" иоузар, арҭ ашәарақәа имырхыр ҟалоит.

Ишԥауоур алшо агрант

Агрантқәа рырҭоит Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла, Балтиа ртәылақәа, Қырҭтәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла ртәылауаа. Аԥарашәара рзырхоуп абакалавриат, аспециалитет, амагистратура рыпрограммақәа.

Всероссийский географический диктант. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2020
Аквотақәа, агрантқәа, астипендиақәа: ироуазеи аҳәаанырцәтәи астудентцәа Урыстәыла

Агрант иақәгәыӷуа аурысшәа бзианы идыруазароуп, азыҟаҵара-цҵа ада аҵара нап алеикыртә.

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵараҵараз Урыстәыла аиҳабыра рзеиԥш квота 18 нызқьҩык аҵанакуеит сынтәа. 2022 шықәсазы иара 23 нызқьҩык рҟынӡа ихалоит, 2023 шықәса инаркны еиднакылоит 30 000-ҩык абитуриентцәа.

Аҳәаанырцә студентцәа рзы агранттә система алагалара хымԥада ишаҭаху уаанӡагьы далацәажәахьан Россотрудничество анапхгаҩы Евгени Примаков.

Ажәабжьқәа зегьы
0