Гинцбург зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа шырзыҟаҵатәу атәы иҳәеит

© Foto / РФПИ и Центр имени Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПервая в мире вакцина от коронавируса
Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵара азин ҟалоит иааиуа амчыбжь инаркны.

АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Зцәа зтәым аҳәса акоронавирус аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵара анацәа реиԥш ииуа ахәыҷқәа рызгьы хра амоуп, избанзар ан лцәеижьҿагылақәа ахәыҷы иоуеит агәыԥҳәыхш анифо ҳәа иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Гинцбург аканал "Россия 1" ателепрограмма "Вести недели" аҟны иқәгылара шьаҭас иганы.

"Зегьы еилаҳкаауеит алаҵаҟаҵара ан леиԥш ииуа ахшарагьы ишрыхәарҭоу", - ҳәа иҳәеит иара.

Гинцбург иажәақәа рыла, Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр алаҵа "Спутник V" акоронавирус иахьатәи аиҭакрақәа зегьы, зегьы зыцәшәо индиатәи аштаммгьы убрахь иналаҵаны, урыцәнахьчар ҟалоит.

Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы. Атәылаҿы ашәҟәы иҭагалоуп алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак", "Спутник Лайт". Аԥсны "Спутник V" рзыҟарҵахьеит 3500-ҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0