Афедералтә мҩа "Џьубга-Шәача" аҟны аныҟәара хацыркуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобильная дорога Джубга – Сочи
Автомобильная дорога Джубга – Сочи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 5 рзы Шәача илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡқәа хыҵит, аӡымҭҟьар амҩаду ианылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Афедералтә мҩа А-147  "Џьубга-Шәача" аҟны аныҟәара хацыркхеит ашьыжь, асааҭ фба рзы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА ражәақәа шьаҭас иганы.

Амҩанысра аанкылан Кроианское ақыҭа илеиз аӡымҭҟьар иахҟьаны. Аӡыҳәынҵәа 40 метра амҩаду ианылеит. Аныҟәара анаанкылаз аамҭазы амашьынаныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ӡрыжәтәла еиқәыршәан, амедицинатә цхыраара аӡәгьы ииҭахымхеит, ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Амҩақәа рхылаԥшра афедералтә усбарҭа "Черноморье" ишазгәанаҭаз ала, амҩанысра аанкылан хә-сааҭк.

Ԥхынгәы 5 рзы Шәача илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡқәа хыҵит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0