Апандемиа аамҭазы Шәача хәмиллион-ҩык инарзынаԥшуа атуристцәа аҭааит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурортный сезон в Сочи
Курортный сезон в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2021
Анапаҵаҩра
Ҟәыбан асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа азгәаҭаны аԥкрақәа шалагалоугьы, рашәарамзазы Шәача 870 нызқь-ҩык аԥсшьацәа аҭааит, ҵыԥх иаҭааза раасҭа ҩынтә еиҳаны. Ақалақь аиҳабыра сынтәатәи аԥсшьара аамҭа қәҿиараны ахә ршьоит.
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Сынтәатәи ашықәс ҳааҭалазар хәмиллион-ҩык инарзынаԥшуа атуристцәа Шәача иаҭаахьеит ҳәа ихатәы телеграм-канал аҟны ианиҵеит Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски.
"Аԥхынтәи аамҭазы, асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа азгәаҭаны аԥкрақәа шалагалоугьы акурорт аамҭа қәҿиараны имҩасуеит. Рашәарамзазы ҳақалақь иаҭааит 870 нызқь-ҩык аԥсшьацәа, ҵыԥх иаҭааз раасҭа ҩынтә еиҳаны", - ҳәа иҩуеит иара.
Ақалақь ахада иажәақәа рыла, акурорт иаҭаауа 70% атуристцәа акоронавирус азы алаҵа рзыҟаҵоуп, нанҳәамза 1 инаркы амч зауз асасаирҭақәа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Шәача ақалақь шазхиоу 2021 шықәсазы 6,5 миллион-ҩык асасцәа рыдкылара. Агәаанагара ыҟоуп асезонбжьаразгьы ақалақь иаҭаауа рхыԥхьаӡара рацәахап ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0