Аԥсны адәныҟатәи аполитика ареспублика аинтересқәа ирызкызаауеит

Хинтба Ираклий Ревазович Заместитель Министра иностранных дел Республики Абхазия
Хинтба Ираклий Ревазович Заместитель Министра иностранных дел Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба Ауаажәларратә Палатаҟны дықәгылеит

Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хынҭәба

Иахьазын иҟам Аԥсны адәныҟатәи аполитика аконцепциа шьақәырӷәӷәа, зыҟны ҳҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усура аҵаки, апринципқәеи ахырхарҭа хадақәеи арбо. Уаанӡа асеиԥш иҟоу адокумент аԥҵаразы аҽазышәарақәа ҟарҵахьан, аха еиуеиԥшым амзызқәа, зегь раԥхьа инаргыланы, иузазыԥхьагәамҭо, зҽызыԥсахуа, адәныҟатәи аконтекст иахырҟьаны, аусура хыркәшамызт. 2008 шықәса август 26 инаркны ишьақәгылеит аполитика-зинтә реалии ҿыцқәа. Ҳадәныҟатә политика ахырхарҭа хадақәа ралкааразы аконституциатә зинмчрақәа змоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада А.З. Анқәаб, 2012 шықәса декабр мзазы Жәлар Реизарахь Инашьҭымҭаҟны адәныҟаполитикатә усура азҵаарақәа дрылацәажәеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрразы адәныҟатәи аполитика аформалтә концепциа архиараан ари ҟалеит ихырхарҭаны, иқәырԥшыганы.

Адәныҟаполитикатә усура, атеоретикцәа рацәаҩны ишазгәарҭо еиԥш (хаҭала, Р. Патнем), иҷыдоу аспицифика амоуп. Иара иаҷыдараны иҟоуп: адәныҟаполитикатә ӡбара здызкыло алидерцәа ҩ-институционалтә ҩаӡарак: аҩныҵҟаполитикеи ажәларбжьаратә-политикеи рыҟны имҩаԥысуа ахәмарра алогика инақәыршәаны рыӡбрақәа мҩаԥыргалароуп. Зегь рганахьала иоптималтәу адәныҟаполитикатә ӡбрақәа адунеижәларбжьаратә аренаҟны атәыла аинтересқәа ирықәшәароуп, иара убри аан атәылаҟны аҩныҵҟаполитикатә мчқәа рзыҳәарақәагьы нарыгӡозароуп. Абри ауп адәныҟаполитикатә ӡбрақәа ипринципиалтә уадаҩраны ирымоу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра адунеи ажәларқәа реиҳара ианазхарымҵац, иара убас атәыла аҩныҵҟатә ҿиаразы адәныҟатәи афактор аҵак ду анамоу аамҭазы, еиуеиԥшым ауааԥсыра реилазааразы адәныҟаполитикатә проблематика аҵак ду аанахәоит. Ирацәаҩны ауаа ҳадәныҟатәи аполитика хра аиура иадырҳәалоит аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәареи аҿиареи рԥеиԥш. Убри азы аҽа министррак ахь аасҭа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ауаажәларра хшыҩзышьҭра руеит. Ҳара ҳусура аимак-аиҿаки, зны-зынла аполитикатә еилахәаахәҭрақәеи, иламысдароу ахәшьарақәеи ирмаҭәархоит. Убас шакәугьы, иарбанызаалак аимадара иалнаршоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуреи адәныҟаполитикатә процесс аконцептуалтә ҳәаақәеи ахәшьара рыҭараҿы ацхыраара.

Иахьатәи ҳәадәныҟаполитикатә усура шьаҭаны иамоуп ихадоу х-принципк:

1.Аартра апринцип – Аԥсны аофициалтә еилазаара рнырра иазыхиоу адунеитә политика акторцәа рацәажәареи рнырреи ҳшазыхиоу аартны иаҳҳәоит.

2.Аҩаӡарарацәа апринцип – адәныҟаполитикатә процесс атеориа иазыԥхьагәанаҭоит аҳәынҭқарра аҟазаара адагьы егьырҭ, иҳәынҭқарратәым адәныҟаполитикатә процесс алахәылацәа, аккомерциатә еиҿкаарақәа, СМИ, НПО, анаука-експерттә еилазаарақәа, аспорттәи акультуратәи коллективқәа, хаз иго ахаҿқәа уҳәа рыҟазаара. Ҳара ҳгәы иаанагоит адәныҟаполитикатә хықәкқәа ралыршаразы асеиԥштәи азнеишьа аԥсуа уаажәларра аресурс-еиҿкааратә патенциал ахархәара еиҳа хра аманы аҟазаара алнаршоит ҳәа, иара убасгьы жәларбжьаратәи аицәажәарақәа рԥынгылақәа рывсра иацхраауеит ҳәа.

3.Ахы ҳаҭыр ақәҵара апринцип – аҭагылазаашьа ҿыцқәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика апрофессионализм ҳараки, ҩныҵҟала аиҿамгылареи аидҳәалареи, аконституциеи азакәанқәеи рышьашәалареи урҭ ирныԥшуа ажәлар ргәазыҳәареи иалыркаауазароуп. Аҳәынҭқарратә знеишьеи адәныҟаполитикатә хықәкқәа рынагӡараан апринцип ӷәӷәақәеи аиԥынкылареи ракзаара неицыланы ишьақәдыргылоит ахы ҳаҭыр ақәҵареи ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны ҳаҭыр ақәҵареи.

Исҭахуп иааркьаҿны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуреи аԥсахрақәеи срылацәажәарц, урҭ апринципқәа ҳусураҟны раларҵәара шалҳаршо шәазхьарԥшны.

2011 шықәса рзы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара аныԥсахха ашьҭахь, адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны еиуеиԥшым, акрызҵазкуа аиҿкааратә- структуратәи акадртәи ԥсахрақәа ҟалеит. Иахьатәи аиҿкааратә модель ҿыц инақәыршәаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵан хаз иго адунеи арегионқәа ирыдҳәало аҵакырадгьылтә ҟәшақәа ԥшьба ­­­– Европа, США, Канада рыҟәша, Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рыҟәша, Урыстәыла, СНГ Қырҭтәыла рыҟәша, Латынтәи Америкеи АТР атәылақәеи рыҟәша. Арҭ аҟәшақәа есыҽны имҩаԥыргоит дара ирықәшәо арегионқәа рҟны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра, иаздырхиоит аналитикатә материалқәа, иқәгылоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусурази аӡбрақәа рзи ажәалагалақәа ҟаҵо.

Абри инахырҳәҳәаны аҟәшақәа иаздырхиеит дара ирыҵаркуа арегионқәа рҟны агәалашәаратә хҭысқәа ирызку амзарқәа. Есыҽны иаздырхиоит авербалтәи ахаҭалатәи нотақәа, урҭ адунеи атәылақәа зегь рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рахь ирышьҭуеит еиуеиԥшым амзызқәа ирхьырԥшны. Ҳара «ахгәаларшәара» астратегиа ҳақәныҟәоит, адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьа алахәылацәа излалшо ала рхыԥхьаӡара еиҳаны аинырра ҳабжьаҵара ҳҽазаҳшәоит, «иргәалаҳаршәоит» адунеижәларбжьаратә зхаҵара зҽазызшәо ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра шыҟоу.

Ҭырқәтәылеи Мрагылара Ааигәеи рыҟәша иалшо зегь ҟанаҵеит Сириа иҟоу ҳџьынџьуаа рырхынҳәра апроцесс аполитика-дипломатиатәи жәларбжьара-зинтәи еиқәыршәаразы. Аҟәша аиҳабы аиҳабыратә миссиа дацны ҩынтә Дамаскҟа дцахьеит. Иахьа уажәгьы зыԥсадгьыл ахь анхаразы ахынҳәра зҭахны иҟоу ҳџьынџьуааи иареи аимадара шрымац ирымоуп. Абри аганахь ала Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Сириатәи Арабтәи Ареспубликаҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи аинырра бзиа рымоуп.

Аиҿкааратә модель ҿыц иазыԥхьагәанаҭоит, ишьақәгылоу адәныҟаполитикатә қәыԥшылара инақәыршәаны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, аконцепциақәеи аԥыжәарақәеи рзы ажәалагалақәа аус рыдулара дҵаны измоу аполитикатә ҟәша аартра. Ҿыц иаԥҵоу аинформациа аҟәша инанагӡоит адәныҟаполитикатә усура аинформациатә еиқәыршәара, иаԥнаҵоит иагьрыцхраауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинтернет-ресурсқәа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акомпетенциахь иаҵанакуа азҵаарақәа рыла ауаажәларра аинформациа рыҭара мҩаԥнагоит.

Ҿыц иаԥҵоу абызшәа-маҷ интернет-саитқәеи иҟоу авеб-саитқәеи рыцхыраарала, иара убасгьы асоциалтә ҳақәа рхархәарала иалыршахеит Аԥсны иазку аинформациа атәымтәылақәа руааԥсыра разырхьарԥшра аизырҳара. Иазгәасҭоит, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акадртә еилазаара 40 процент рыла ишырҿыцу. Акадырқәа ралыԥшаара, апрофильтә ҵара акритериқәеи, атәым бызшәақәа рдырреи адипломатиатә усураҟны ихымԥадатәины иҟоу апрофессионалтәи ахаҭаратәи ҟазшьа ҷыдақәа рымазаареи шьаҭас иҟаҵаны, ҭакԥхықәра дула иазнеиуеит. Аџьатә дисциплина рӷәӷәоуп, аусзуҩцәа разыҟаҵареи рџьа алҵшәа аиура аизырҳареи рахь азеиԥш дцалара иацҵоуп.

Иахьазы иаԥыхуп адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура гха дуны иамаз адокументқәа рыҵәахреи, ахрархәареи, ашәҟәы рҭагалара асистемеи хра рыманы рыҟамзаара. Аусмҩаԥгара аҟәша ҿыц анаԥҵахеи Аҳәынҭпротокол аҟәша аусура еиҳа ианеиӷьнатәи инаркны ишьақәыргылоуп аусеиҿкаара маншәала. Ари аҵакы дууп, избанзар Адәныҟатәи аусқәа рминистрроуп адунеижәларбжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа аус рыдулареи, анапаҵаҩра разыҟаҵареи, рышьақәырӷәӷәареи, аратификациа рзуреи рыпроцесс знапы иану, иара убасгьы иароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеижәларбжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рдепозитарии афункциақәа назыгӡо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи рыӡбара инақәыршәаны, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иархынҳәит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны аус зуа ООН агенства ҷыдақәеи жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи русура ахылаԥшра афункциа. Ҳара аус адааулоит еиҳа хра зманы иҟоу аинырра амодель, ауаажәларра ринтересқәеи, аполитикатә реалиа ҿыцқәеи иара убасгьы зҽызыԥсахыз аҭахрақәеи азыԥхьагәазҭо. Ижәытәу, хра змам, аԥсуа уаажәларра амилаҭтә интересқәа азыԥхьагәазымҭо жәларбжьаратәи агенствақәа русуратә знеишьақәа маҷ-маҷ иаԥыххоит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адунеи арегионқәак рҟны ахаҭарнакра аинститут, иара убасгьы аҳаҭыртә консулқәа ринститут аҿиара рнаҭоит. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа рыҵагылара зылшоны иҟоу ауаа рыԥшаара ҳаҿуп.

Иалшоит, адәныҟатәи ҳпартниорцәа аԥсуа ҳәынҭқарреи ҳареи патуқәҵарала иҳазныҟәаларц зларыдаҳҵо азин ҳазҭо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусура аԥсахра бзиақәа иҵегь реиқәыԥхьаӡара. Ус шакәугьы ҳара макьанагьы ҳаԥхьа аус дуқәа шьҭоуп, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳаамҭазтәи, хра зманы ипрофессионалтәны иҟоу адәныҟаполитикатә усбарҭа иадыргало аҭахрақәа ирықәшәартә еиԥш аҟаҵаразы. Даара акраҵанакуеит ауаажәларратә дкылараҟынгьы иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә курс анагӡара аусхк аҟны имҩаԥысуа аԥсахрақәа рбара.

Сара сиасуеит, адәныҟаполитикатә процесс иалахәу аинститутқәа хра рымазаара ахәшьара аҭараан критерира зурц зылшо Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахықәкқәа рахь.

Усеиԥштәи хықәкқәаны иахьа ишьоуп: Атәыла ашәарҭадара аиқәыршәара, иара аҵакырадгьылтә акзаареи асуверинитети реиқәырхареи рырӷәӷәареи;

Аԥсны атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рынагӡареи рыхьчареи, рполитикатәи, рекономикатәи, рдоуҳатәи ринтеллектуалтәи мчхара аизырҳаразы адәныҟатәи афактор маншәалақәа реиҿкаара;

Аԥсны асуверинитет ахьчара аԥҵарази, ашәарҭадара адунеижәларбжьаратә зин ала аиқәыршәарази, аԥсуа бызшәеи аетнокультура акзаареи реиқәырхарази, асоциалтә-економикатә ҿиара ҭышәынтәалеи амодернизациеи рҭагылазаашьа бзиа аиҿкаареи рзы ихымԥадатәиу Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеижәларбжьаратә зхаҵара апроцесс ацхыраара;

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи еицырзыфеидоу аусеицуреи астратегиатә еилахәреи рыҿиареи рырӷәӷәара;

Аԥсны Аҳәынҭқарра азхазымҵац атәылақәеи атәылабжьаратә еидгылақәеи иареи рыбжьара аекономикеи, ахәаахәҭреи, акультуреи аспорти русхкқәа рганахьала еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы аҽазышәарақәа рыцхраара, иара убасгьы иҳәынҭқарратәым аинститутқәа рыҩаӡарала аиныррақәа рышьақәыргылара;

Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеижәларбжьаратә зхаҵара ҭбаа ашьаҭалеи Аԥсны Аҳәынҭқарра лахәыла наӡаны Амилаҭ Еидгылақәа Реиҿкаара алаларалеи ақырҭуа- аԥсуа еимак ахыркәшараз ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа раԥҵара; Аҳәаанырцә инхо Аԥсны атәылауааи ҳџьынџьуааи ринтересқәеи рзинқәеи ганрацәала рыхьчара;

Адунеи зегь аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра иаҵанакуа атрибутқәа зманы, атәылақәа зегь аус рыцура иазыхианы иҟоу, ихьыԥшыму адемократиатә тәыла ҳәа рыдкыларазы Аԥсны Аҳәынҭқарра аимидж ҵоура аиҿкаареи арӷәӷәареи;

Наԥшҩык аҳасабалеиԥш азинмчра змоу лахәылак аҳасабалагьы арегионалтәи, аиҳабырабжьаратәи аиҿкаарақәеи аитеграциатә еидгылақәеи рылалара. Ҳәарада, апарламент аҟны мацара акәымкәа ауаажәларра зегь адыԥхьалан излацәажәараны иҟоу аконцепциа азырхиараан иалшоит «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахықәкқәа» аформеиԥш аҵакгьы аԥсахрақәа ирхысыр. Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи авекторқәеи рыӡбахә анаҳҳәо хымԥада урҭ рҟынтәи аԥыжәара амоуп «урыстәылатәи авектор». Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала ишьақәыргылахоит еиуеиԥшым: аиқәшаҳаҭра-зинтә, аполитикатә, асоциал-економикатә ҩаӡарақәа рҟны астратегиатә еилахәра асистема ӷәӷәа.

Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рдинамика акыр агәыӷра алоуп. Иахьазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара ду анаҭоит, ҳҳәаақәеи ҳҵакырадгьыли ршәарҭадара аиқәыршәараз алагала ҟанаҵоит, ҳҳәынҭқарра иацхраауеит еиуеиԥшым асоциалтә зҵаарақәа рыӡбраҟны. Иахьазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 81 ҩ-ганклатәи жәларбжьаратәи документ рыбжьарҵахьеит (аиқәшаҳаҭрақәа, аԥкаанҵақәа, амеморандумқәа). дара ирыҵаркуеит аҳәынҭқаррабжьаратәи, аиҳабырабжьаратәи аусҳәарҭабжьаратәи ҩаӡарақәа рҟны аусеицураз еиуеиԥшым азҵаара рацәа. Аҵара азҵаарақәеи, адипломқәеи аттестатқәеи разхаҵареи, аелектроенергетикеи, аҳауатә транспорти русхк аҟны аиқәшаҳаҭрақәеи атәылахьчара аусхк аҟны аусеицуреи зҵазкраны иҟоу 30 рҟынӡа еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иазырхиоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа ҳҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усура амҩаԥгараҿы ацхыраара ду ҟанаҵоит. Урыстәылатәи авектор анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп Нхыҵ Кавказтәи ҳаиашьаратә жәларқәа рнырра астратегиа аус адулара.

Агеографиатәи аҭоурыхтәи ҭагылазаашьақәа, иара убасгьы Аахыҵ Кавказ аҟны агеополитикатә ҭагылазаашьа аҿиара азыԥхьагәаҭо, ари аԥсуа дәныҟатә политика «европатәи авектор» азуҳәар ауеит. «Аигәылара аполитикеи» «Мрагыларахьтәи аполитикеи» рыпрограммақәа активизациа анроу ашьҭахь Евроеидгыла ҳрегион аҟны еиҳа-еиҳа иубартә иҟалеит. Евроеидгыла аԥыжәаратә роль нанагӡоит Аахыҵ Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи адискуссиақәа рыцхантәаҩцәа ринститут аҟны. Европатәи адипломатцәа лассы-лассы Аԥсны иаҭаауеит, ирԥылоит аофициалтә хаҿқәа, ауаажәларратә еилазаара рассоциациақәа рхаҭарнакцәа. Иара убри аамҭазы ҳауаажәларра рзы арҭ аиныррақәа рылҵшәақәа убарҭаны иҟам, Аԥсны астатус аганахьала европатәи ахаҭарнакцәа ирымоу апозициа азыԥхьагәаҭо.

Европатәи аинциативақәа «зхаҵарада аинырра» абар кыр шықәса деклорациак аҳасабала ишыҟаз иаанхеит. Ҳара макьана иаҳмоуц ршаҳаҭрак европатәи аинциативақәа Аԥсны Қырҭтәыла «алагаларазы» ҳәа иҟоу ақырҭуа план акала еиԥшым ҳәа. Ҳара иаҳпозицианы иҟоуп: Европатәи Аидгылеи хаз иго Европатәи тәылақәаки ишиашоу рнырра. Иарбанызаалак, ақырҭуа ган ақәшаҳаҭра зҭахны мамзаргьы иара ахылаԥшра зҭахны, ма Қырҭтәыла алахәра зҭахны иҟоу апроектқәеи аинциативақәеи ҳара ҳрыдгылараны ҳаҟам. Ишиашоу аиныррақәа рыларҵәара ралагара шьаҭас иҟаларц азы ҳара Европатәи Аидгыла ааҳаԥхьоит Аԥсны астатус аганахьала анеитралра ааннакыларц. Иҟам «Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара» адгыларала Аԥсны анырра алҳаршом. Ҳтәылеи Европатәи Аидгылеи аизыҟазаашьа маншәалақәа рыбжьаҵаразы иҟоу мҩакоуп – ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарраҟны инхарц азы Аԥсны жәлар иалырхыз аӡбара ҳаҭыр ақәҵароуп.

Аԥсны иара убасгьы агәынамӡара амоуп Женеватәи адискуссиақәа рҟны иамоу аформат азы. Женеватәи апроцесс алҵшәа маҷи иара убасгьы иара аҳәаақәа ирҭыганы ақырҭуа ган апринципиалтә зҵаарақәа рыӡбара рҽахьазыршәоит инарыдҳәаланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра иалшоит Женеватәи адискуссиақәа иофициалым астатус ала рылахәра мап ацәнакыр. Ҳара агәра азхаҳҵоит алахәылацәа аофициалтә статус рыманы ианыҟоу шакәу, амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла анапы аҵаҩразы апроцесс аҭыԥ ахыгареи еиуеиԥшым агуманитартә зҵаарақәа лҵшәабзиала рыӡбареи аналыршахо.

Иарбоу ахырхарҭақәа рнаҩс иазыԥхьагәаҭахар алшоит Латынтәи Америкеи, Мрагылара Ааигәеи Азиа- Океанҭынчтәии векторқәа рынагӡара. Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵахьо (Венесуела, Никарагуа, Тувалу, Вануату) атәылақәа рнырра анаҩсангьы арҭ ахырхарҭақәа рҟны адәныҟаполитикатә усура аԥеиԥш амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ԥхьаҟагьы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы. Иара убри адагьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаус хаданы иҟоуп Ҭырқәтәылеи, Сириеи, Иорданиеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи ҳџьынџьуаа рыхынҳәра ацхраара. Убас, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы 100-ҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рыхынҳәра атәы ҳаигәырӷьаны ҳалацәажәартә иҟоуп.

Сықәгылара аҩбатәи ахәҭа азыскырц сҭахуп Аԥсны Қырҭтәыла аганахьала аполитикеи ақырҭуа-аԥсуа ҳәынҭқаррабжьаратә еимаки рпроблема. Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ ООН аҳәынҭқарра-лахәылацәа хәбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназхарҵа ашьҭахь адунеи иаҭан адырра «Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара» апринцип шьаҭас иаҭаны ақырҭуа-аԥсуа еимак аӡбара шалмыршахо азы. 2008 шықәса август мза инаркны Аахыҵ Кавказ иҟоу аҭагылазаашьа ҿыцқәа азыԥхьагәаҭаны аимак трансформациа азаауроуп. Асеиԥш иҟоу атрансформациа ҳара ҳалшарақәеи, ҳҭагылазаашьақәеи, ҳамчқәеи рыгәрахаҵара ҳнаҭоит. Мраҭашәаразы ари иаанагароуп аимак Аԥсны Қырҭтәыла алагалара ала аҭышәныртәалара мап ацәкра шахәҭоу.

Аҭагылазаашьа ҿыцқәа инарықәыршәаны адунеижәларбжьаратә еилазаара ақырҭуа-аԥсуа еимак аҳәынҭқаррабжьаратә еимакы ҳәа иазырыԥхьаӡо иалагароуп, убри инақәыршәаны иара аҭышәныртәаларазгьы аҽа знеишьақәак аиуроуп. Атрансформациа, аимак аконтекст аԥсахра ицәырнаго аимак азнеишьа аԥсахра азыԥхьагәанаҭоит. Аимак атрансформациа апроцесс Аԥсны аартра аизҳареи, адунеии иареи аимадарақәа рыбжьаҵареи, аԥсуа уаажәларреи аҳәынҭқарратәреи Крыстәылатәи Афедерациа мацара акәымкәа европатәи атәылақәеи, аиҿкаарақәеи аинститутқәеи рныррала рыҿиара аанагоит. Иара иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара, хақәиҭрала анеиааирагьы абрахь иналаҵаны. Аимак атрансформациа иалҵшәаны иҟалароуп Аԥсны адунеижәларбжьаратә зхаҵара ҭбаа аиура.

Тәылауаак атермин «аимак» иамоу иҭбаауи иҭшәои аҵакқәа рцәеилагоит. Иҭшәоу ҵакны иҟоуп «аибашьратә еимакы» — аганқәа рхықәкқәеи ринтересқәеи рымааибра иаарту аиҿагыларақәа рахь ианцәырҵуа, аибашьра ахаҭа. Асеиԥштәи аимакқәа иазыԥхьагәарҭоит ахыркәшара астратегиақәа жәпакы, ҿырԥшыс иаагозар егьи аган шьаҭанкыла ақәхра реиԥш иҟақәоу. Ари аҩыза асценарии мҩаԥнагеит 1995 шықәсазы Хорватиа Сербскаиа Краина Ареспублика аганахьала, иара убасгьы усеиԥш мҩаԥнагеит Нигериа, иара аҵакырадгьыл аҟны 1970 шықәсазы еиҿкаахаз аҳәынҭқарра Биафра аганахьала. Аибашьратә еимакы хыркәшахар алшоит аҭынчратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩралагьы, ма иарадагьы, аганқәа аибашьра аанкылара афактор рыманы ианыҟоу.

Аха иҟоуп «аибашьратә еимакы» аҳәаақәа ирҭыҵуа атермин «аимак» инарҭбаау аилкаарагьы. Аибашьра, аибашьратә хҭысқәа – ари аимак «афаза шы» ауп. Аимак еснагь иҟоуп аганқәа еиҿагыло рхықәкқәеи, ринтересқәеи рҭахрақәеи ахьыҟоу. Асербцәеи акосоварцәеи рыбжьара аимак ыҟоижьҭеи шәышықәса иреиҵам. иахьагьы ихыркәшан иҟам, избанзар асербцәа Косово ахьырцәыӡыз ианымшәацт, иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахразгьы ирылшо ҟарҵоит. Аимак ыҟоуп избанзар асербцәеи албанаа-акосоварцәеи рыбжьара аетникатә еимамбзиара акыр иӷәӷәоуп, уи ашьаҭала аибарххарақәагьы еснагь имҩаԥысуеит. 2011 шықәса март 8 рзы, Косово 80 инареиҳаны ҳәынҭқарра ианазхарҵа ашьҭахь, аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны Бриуссель имҩаԥысит Косовеи Сербиеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа. Ара Косово аполитикатә статус иалацәажәомызт. Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан Косовеи Сербиеи ихьыԥшым ҩ- ҳәынҭқаррак реиԥш реизыҟазаашьа арманшәалара азҵаара.

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара акыр шықәса зхыҵуа ақырҭуа-аԥсуа еимак аҭышәныртәаларахь икылнамгеит. 19 ашә. Анҵәамҭеи 20ашә алагамҭеи инадыркны имҩаԥысуаз адемографиатә ԥсахрақәа иҳәаақәырҵон Аԥсны ақырҭцәеи аԥсуааи реизыҟазаашьа, аԥсуа етнос акзаара алмыршараз Қырҭтәыла аҽазышәарақәа, иара ахалахатәҳәаақәҵара алмыршара. Арҭ аиҿагыларақәа изныкымкәа аԥсуа жәлар рықәгыларақәеи Қырҭтәыла имҩаԥнаго адискриминациатә практика алмыршареи рзы аидгылатә мчрақәа рахь ааԥхьарақәа рыҟаҵареи рахьи икылыргахьан. Аиҭеиҿкаареи аргамареи ақырҭуа-аԥсуа етнополитикатә еиҿагыларақәа ахыхьахь ицәырыргеит, нас урҭ аизыҟазаашьақәа реибарххареи еибашьрала риҿагылареи рахь икылсит. Ари аимак етнополитикатә еимакуп. Иахьагьы аӡбра амам. Қырҭтәыла Аԥсны ацәыӡра изақәшаҳаҭхом, иаҳҿагыланы ирылшо зегь ҟарҵоит.

2008 шықәса август мзазынӡа аимак аполитикатә параметрқәа рыӡбахә ҳҳәозар, ҳәарада «ажәытә версиала» иара хыркәшоуп Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь. Абри акәын зыӡбахә иҳәоз Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Г.Б. Карасин иинтервиуқәа руак аҟны. Аха, Аԥсны аполитикатә статус адунеижәларбжьаратә легитимациа аиурц азы иара ахьыԥшымра азхазҵо атәылақәа рхыԥхьаӡара ырҭбаатәуп. Абри аус акәша-мыкәшоуп 2008 шықәса август мза ашьҭахь ақырҭуа-аԥсуа еимак «аверсиа ҿыц» аполитикатә ҳәаақәа ахьеиҿкаау. Уи инахырҳәҳәангьы иахьатәи аимак аҟазшьала уаанӡатәи аимак аасҭа еиҳагьы ишәарҭоуп, избанзар Қырҭтәыла ахы ианархәоит Аԥсны азхаҵара алзмыршо, иҭахызкаауа убри адагьы аԥсуа уаажәларра ҩныҵҟала еиҟәызшо, ҭоурых аамҭала ишьақәгылоу аԥсуа-адыга жәлар ракзаара ԥзырго аинструментқәа.. Актәи, Қырҭтәыла Аԥсны аимак иаганны аԥхьаӡара иаҟәыҵит, аԥсуа мчрақәагьы аизыҟазаашьақәа ирсубиектны ирыхәаԥшуам. Ари, Қырҭтәыла аофициалтә ҩаӡараҟны ақырҭуа-аԥсуа еимак аҭыԥ аманы иҟоуп ҳәа мап ахьацәыркуа иахылҿиааз акоуп. Аҩбатәи, Қырҭтәыла Аԥсны аоккупациа зызуу иара арегион акәны иаԥхьаӡоит, адунеижәларбжьаратә еилазаарагьы абри агәра дханырҵоит, уи алагьы ахьыԥшымра азхаҵара апроцесс аԥынгылақәа азаԥнаҵоит.

Ахԥатәи, аимак мап ацәкра иазыԥхьагәанаҭоит ҳара иҳаҵанакуа аӡбрақәа рыдкылараан Аԥсны агәаанагара хымаданы ыҟам ҳәа. Қырҭтәыла адунеи ауаажәларратә еилазаара агәра днаргоит Аԥсни аԥсуа жәлари иареи еимак рымам ҳәа, аҭыԥ змоу Қырҭтәылеи Москвеи реимак ауп, убри инадҳәаланы Аԥсны аганахь ала иарбанызаалак аиқәшаҳаҭрақәа ирылацәажәалароуп иагьрыдыркылалароуп аурыс- қырҭуа еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа.

Аԥшьбатәи, Қырҭтәыла Аԥсны азхаҵара ианалага ашьҭахь, Аԥсны анырра азҭо аполитика-дипломатиатәи, ажәларбжьаратә-зинтәи, адиверсиа-террористтәии методқәа ахрархәара активла иалагеит. Еиҳа-еиҳа имаҷны иҳарҭо иалагеит европатәи атәылақәа рахь авизақәа, Аԥсны иаҿагыланы аинформациатә еибашьра хаҭа мҩаԥысуеит, атәым тәылақәа рҟны ҳдипломатиатә ҽышәарақәа ирышьклаԥшуеит, излалшо алагьы иааныркылоит, ҳауаажәларрратә еилазаарагьы еиуеиԥшым аҵәгәырқәа рыздыршәуеит – ҳтәылауаакгьы урҭ ирҿашәоит, Галл араион иаҵанакуа ҳтәылауаа дыршәоит. Уи азы рхы иадырхәоит ауаа рӷьычрақәа, рышьрақәа, ишьақәдыргылоит иаԥыхтәу аԥсуа маҵзурауаа рсиақәа.

Абарҭ аҭагылазаашьақәа раан аимак ыҟам мамзаргьы аҭыԥ иқәҵоуп ҳәа аҳәара — ҳауаажәлар ишәарҭоу адырра рыҭароуп иаанагоу. Сара исҳәарц сылшоит уи ҳмилаҭтә шәарҭадара иаԥырхагоуп ҳәа. Ҳара азин ҳамам ақырҭуа мчрақәа рҭахрақәа рыцхраара. Убри анаҩсангьы ҳара адунеитә уаажәларра иаартны ираҳҳәалароуп аҳәынҭқаррабжьаратә, ақырҭуа-аԥсуа еимак аетнополитикатә ԥсабара шыԥсахым. Аетникатәи иеиԥшуи акомпонентқәа рыҟазаара аимак ианаҭоит аиҿагылара астатус, зыҟны ҳәынҭқаррак аҩныҵҟа жәларык аҽа жәларык рыцынхара ахьырҭахым, уи ажәлар рхьыԥшымра азхаҵарала шакәу аимак аҭышәныртәалара алыршарагьы ауа. Ари аҩыза асценарии мҩаԥган Косово, Еритреиа, Мрагыларатәи Тимор, Аладатәи судан. Америкатәи аҵарауаа-аидеологцәа Косово азхаҵара хымԥадатәиуп анырҳәоз ирҳәоз шьаҭадыркуан «асербцәеи албанцәеи етникала реицынхара алшом» ҳәа. Асеиԥштәи азнеишьа ахҵәацәа рыхынҳәра алнаршом, урҭ аимак иафактор ӷәӷәаны иахьашьо инамаданы. Аимак политикатә еимакны иахәаԥшуазар (Қырҭтәыла ишаҭаху еиԥш), мамзаргьы зынӡа еимакы ыҟам ҳәа иԥхьаӡазар, адәныҟатәи абжьаҟазаҩцәа рганахьала азеиԥш ҳәынҭқарра аҟазаара еиҳа ииашоуп ҳәа иазыԥхьаӡоуп. Ари ҳара ҳзы хәарҭара аланы иҟоума? Ҳәарада мап.

Тәылауаак, аимак ыҟам ҳәа ҳҳәар, азхаҵара мамзаргьы Европатәи Аидгылеи ҳареи аинырра еиҳа иҳаурашәа агәаанагара рымоуп. Ҳәарада ари ус акәым. Адунеи аҟны аус руеит ҩ-стандарткла азнеишьа, Косова азин иарҭо Аԥсны иарҭом. Убас иахьагьы, қарҭтәи амчрақәа ирылшо зегь руеит Аԥсны анырразы европатәи астратегиақәа рыларҵәара алмыршаразы, аамҭа ахыгаразы, ицәаԥҽыганы аарԥшразы. Дара рымчқәа зегь еилаҵаны иалдыршом аԥсуа ҳәынҭқарратә мчрақәеи, аграждантә уаажәларреи абизнеси европеи егьырҭ адунеи атәылақәеи рҟынтәи рҩызцәеи реимадара. Қырҭтәыла анапхгара ус хаданы ирымоуп Аԥсны ҭахкааны, адунеи егьырҭ атәылақәеи ажәларқәеи ирыцәхьаркырц, еиҳаракгьы Мраҭашәара.

Абри азы ҳара иахьа Қырҭтәыла инарҭбааны иҭҵааны иҳамазароуп, иаҭахны ианыҟоу ари аҳәынҭқарра Аԥсны иазнауа анегативтә нырра аԥырҟәҟәааразы. Қырҭтәыла мап ацәнакуеит амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анап аҵаҩра, активла иаԥырхагахоит Аԥсны адунеижәларбжьаратә зхаҵара, иара убасгьы ҳтәыла аҩныҵҟатәи аҿиара аҵшәаара аҽазнашәоит – ари зегьы макьанагь иаанкылам еимакуп. Аԥсны аназхарҵа ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы аимак ыҟамшәа аныҟаҳҵа, узыцәшәаша ақырҭуа инциативақәа рхакымҭазы ҳанрызхьамԥш, адунеижәларбжьаратә еилазаара «аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рганахьала астратегиази» «анеитралтә паспортқәа рзи» аԥсуа ган аҟынтәи иҵаҵӷәырку ҳәамҭа рмаҳаит. Ҳҿымҭра қәшаҳаҭраны ианазырыԥхьаӡоуп аҭагылазаашьа абсурдтә ҟазшьа анаиу. Хаҭала, «анеитралтә паспортқәа» рконцепциа аус адуларазы ақырҭуа напхгара иаарыԥхьаӡаз адунеижәларбжьаратә експертцәа, ааигәанӡа агәра харҵон аԥсуа уаажәларра гәырӷьаҵәа арҭ адокументқәа рыдыркылоит ҳәа. Ас иҟалеит, избанзар аимак ыҟам ҳәа иазыԥхьаӡан, дкылашьа змам ақырҭуа инциативақәа рзы ак ҳәатәуп ҳәа азаҳамԥхьаӡеит, ахҳәаагьы рзаҳамуит.

Аԥсны Қырҭтәылеи иареи рыбжьара аимак ыҟамшәа ахымҩаԥгара азин амам. Аимак аҟазаара азхаҵо ҳара Аԥсны астатус азы гәыҩбара ҳаман ҳаҟам. Ҳара ҳастатус шьақәыргылоуп, уи ҳацәхьаҵрангьы ҳаҟам. Аԥсны — ажәларқәа рхалахатәҳәаақәҵара азин анагӡара инақәыршәаны иаԥҵоу ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. Ари ҳара ҳҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усура хадоуп. Убри аамҭазы ҳара Қырҭтәыла иҟоу ареалиақәа ирнышәартә еиԥш, Аԥсны астатус жәларбжьарала азхаҵара иаԥырхагамхо, иаҳҿагыланы агрессиа мҩаԥнамго иҟаҳҵароуп. Абри ахырхарҭала ҳара иҳалшо адәныҟаполитикатә ҽазышәарақәа зегь ҟаҳҵалоит.Ҳара Женеватәи адискуссиақәа ҳрылахәуп, Қырҭтәылахь дҵаны иқәҳаргылоит амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц. Асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иаԥнаҵо иарбанызаалакгьы ҩ-ганклатәи аиҿцәажәарақәа хықәкык ауп ирымоу – Аԥсны ахьыԥшымра адунеижәларбжьаратә зхаҵара ҭбаа аиура ашьаҭала ақырҭуа-аԥсуа еимак инагӡаны аҭышәныртәалара. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҟноуп ақырҭуа-аԥсуа еимак хыркәшоуп ҳәа азыуԥхьаӡара ауаны ианыҟоу. Ԥхьаҟагьы Қырҭтәылеи Аԥсынтәылеи реизыҟазаашьақәа адунеижәларбжьаратә зин анормақәеи иарбанызаалак аган амилаҭтә зини ианҳәаақәырҵо.

Аҵыхәтәаны иазгәасҭарц сҭахуп: адәныҟаполитикатә усура еснагь хырхарҭаны иамазаауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчареи Аԥсны жәлар рҭоурыхтә ҭахра – ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0