Хьрыԥс Џьопуа: аԥсуа дахьынхозаалакгьы Аԥсны атәылауаҩыс дыԥхьаӡоуп

© Sputnik Томас ТхайцукХьрыԥс Џьопуа: аԥсуа дахьынхозаалакгьы Аԥсны атәылауаҩыс дыԥхьаӡоуп
Хьрыԥс Џьопуа: аԥсуа дахьынхозаалакгьы Аԥсны атәылауаҩыс дыԥхьаӡоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарразы ихадароу азҵаарақәа ируакуп аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара. Ари ахырхарҭала аус зуа аилак ахантәаҩы Хьрыԥс Џьапуа диҿцәажәеит “Спутник Аԥсны” акорреспондент Анжелика Бениаԥҳа.

 Хьрыԥс Радион-иԥа, аилак иахьатәи аусура шԥамҩаԥысуа?

– Хымԥада, ҳауаажәлар – ҳџьынџьуаа иахьынхозаалакгьы аус рыдуларазы раԥхьаӡа игылоуп дареи ҳареи ҳаицәажәарақәа, ҳаиԥыларақәа, ҳаиҭанеиааирақәа. Уи иабзоурахароуп аԥсуа бызшәа, акультура, аҭоурых, адинхаҵара налаҵаны адырра, аԥсуа економика аҭагылазаашьа, Аԥсны аҿиара иазку апрограммақәа уҳәа ҳдиаспара ахьыҟазаалакгьы деилыркаара. Убри инадҳәаланы, ҳара проектқәас иҳамоуп, иахьагьы ҳалагахьеит, ҳаԥсуа бызшәа инҭырҳәацааны агәаԥхара змоу ҳхәыҷқәа дырҵара иахьынхо атәылақәа рҿы. Иахьа ҩыџьа арҵаҩцәа Ҭырқәтәыла аус руеит, уажәы аҽазыҟаҵара ҳаҿуп акәашареи ашәаҳәареи дзырҵо арҵаҩцәа рышьҭразы.
Хымԥада ҳархаҵгылар ауп ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа. Ихадоу хырхарҭаны иҳаҧхьаӡоит ҳажәлар ҿиразы – аҭаацәара алалара. Уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Амилаҭ зырҿио аҭаацәарақәа раԥҵара ауп. Абри ҳара программа ҷыданы ҳазнеиуеит. Убри аԥхьан еиқәысыԥхьаӡаз аиқәшәарақәеи аигәныҩрақәеи ирыбзоуразар ауп, ауаа дара-дара еиҳарак аҿарацәа реибадырра реибабара. Иҳараку аекономика змоу аҳәынҭқарра, иаҳҳәап Израиль еиԥш иҟоу, урҭ аԥара еизганы аҳәынҭқарра аргылара иаҿуп, ара уи аҩыза алшара шҳамам дырны, ҳара ҳаҩнуҵҟа ҳаҿиартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳмҵар, ауаҩы дааганы, аҩны иҭаны, ма аусура даларганы ҳажәлар рхыԥхьаӡара зыҳаракхаӡом. Хымԥада ихырхарҭа хадоуп ҳәа иԥхьаӡоуп абизнес знапы алаку ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы иахьынхо Аԥсны аекономика ралархәра. Уи аганахьала иҳақәҿиақәо апроектқәагьы ыҟоуп.

– Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә программа аҟамзаара апроблема шәалацәажәа. Шәгәаанагарала мзызс иамоузеи уи?

– Уи зыхҟьо, сара сгәаанагарала, ҳара ҳфинанстәи ҳекономикатәи ҭагылазаашьоуп. Уи апргорамма официалтә ԥшра аҭаны, ақьаад ианҵаны иҟамзаргьы, ҳара ҳусура зегьы системак азуны иҟаҳҵеит: ҳдиаспора аус рыдулара аума, атәылауаҩшәҟы рыҭара, арегистрациа рзура аума, нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара аума.
Апрограмма анаҳҳәо ҳара иаҳҭахуп уажә иаҳҳәап жәа-нызқьҩыла Аԥсныҟа раагара, уи программа дууп, уи умаӡамкәа уалагар хьымӡӷ узырго уеиҵазырхо усхоит.  Ҳара ҳазыхиоуп иаҵанакуа зегьы апрограммақәа еиқәыршәаны, ашәҟәы ианҵаны аҳәынҭарра аҿаԥхьа ашьҭаҵара.

– Иҳамоума еилкааны (инықәырҧшшәа акәзаргьы) иахьа зыҧсадгьыл ахь ахынҳәра иазыхиоу рхыҧхьаӡара? Насгьы ҳабанӡазыҟаҵоу рыдкылара?

– Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыр зҭаху жәа-нызқьҩык инареиҳаны иҟоуп, исҳәаӡом шә-нызқьҩык.  Аха хыхь исҳәаз инамаданы, уи аганахьала ҳаиқәшәаны ҳаҟаӡам. Убри аҟынтәи зны ҳара ҳҽеиқәҳаршәароуп, агәаҳәара змоугьы ргәы каҳмыжьроуп. Сынтәа ацкьыс ҳаԥхьаҟа ҳаиӷьхап ҳәа агәра згоит.

– Атәылауаҩшәҟәы змоу рхыҧхьаӡара шаҟа ыҟоузеи? Урҭ рахьынтә шаҟаҩ инеиԥынкыланы Аҧсны иқәынхои?

– Иахьа атәылауаҩ шәҟәы рымоуп жә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, ари даара имаҷуп. Ҳҳәынҭқарра аконституциа азакәан хада ишарбоу ала Аԥсуа дахьынхозаалакгьы Аԥсны атәылауаҩыс дыԥхьаӡоуп. Убри аҟынтәи ҳара аҳәынҭқарратә структурақәеи Аԥсны ҿыц иалырхыз ахадареи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит абри аус аҿы изыхәҭоу амчратә усбарҭа адҵа рыҭаны, ҳауаажәлар ахьынхозаалакгьы атәылауаҩ ишәҟәы рыҭара, аҭыӡҭыԥ нарбаны. Абри ҳара ҳусураҿы ихадаоу зегь раԥхьа игылоу азҵаара ҳәа ҳахәаԥшуеит.

– Ишҧамҩаҧысуа зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз радаптациа?

– Иуадаҩны инхоит аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаара, аусура раларгара азҵаарақәа. Аҧсны аекономика аҿиара иадҳәалоуп уи апроцесс. Иазыҟаҵоу аспециалистцәа Аԥсны шамахамзар ахархәара рымаӡам. Ҳақәгәыӷуеит архитектор дуқәа, ақыҭанхамҩа аусзуцәа, абизнес знапы алаку, урҭгьы рԥышәа Аԥсны ахархәара аиуп ҳәа.
Иахьа х-нызқьҩык инразынаԥшуа Аԥсны ихынҳәыз ҳџьынџьуаа нхоит, аиҳаракгьы Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони рыҟны.
Аԥсны иаауа инхо ҳауаажәлар ирылаҵәартә еиԥш аҟаҵаразы, хымԥада зегь раԥхьа игылоуп ҳауаажәлар. Урҭ рыдкылашьа, урҭ рхымҩаԥгашьа, ари аус аҟынгьы ҳара ҳахыҽхәар ҳалшоит ҳажәлар уи еилкааны ҿыц иаауа ауааԥсыра гәык-ԥсыкала ирԥыланы ари аус абра инхартә инҵыртә еиԥш иҟалартә ахаҵгылара рырҭоит. Аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рҵаразы еиҿкауп апрограммақәа, акурсқәа.

– Иахьазы Аилак аҧхьа ишьҭоу ихадоу апроблема арбану?

– Ҳара иҳамоу алшарақәеи, ҳажәлар рҭахрақәеи, аҳәынҭқарра иҳаднаҵои зны-зынла еиқәшәаӡом. Уи проблема дууп.

– Афонди аилаки иааркьаҿны русеицура шԥамҩаԥысуа?
Ҳџьынџьуаа рырхынҳәра иацхыраауа афонд ауп. Уи абиуџьет ахь Аԥсны ауалафахәы зауа руалафахәынтә ҩ-процентк ахыԥхьаӡалоит. Сынтәатәи ашықәс иартәон шә-миллионк рҟынӡа аԥара. Абри аҧара еихшаны, аӷьырак Сириатәи азҵаара аӡбарахь иаҳмышьҭыр ада ԥсыхәа амоуит. Аԥарақәа реиҳарак хырхарҭас ирымаз нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәара, аиҭанеиааирақәа, аиқәшәарақәа рыхшәаара акәын. Ҭырқәтәыла иҟоу аҿари ара иҟоу аҿари реибабара, аҵара-ааӡара апроцесс ахаҵгылара, адаптациа азҵаара аӡбара уҳәа ахырхарҭақәа рахь иҳашьҭуеит. Абиуџьеҭ есышықәса ишьақәҳаргылоит, уи зеиԥшроу инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0