"Аразра аурокқәа" Аԥсны ашколқәа рҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аразра аурокқәа" Аԥсны ашколқәа рҟны имҩаԥысит
Аразра аурокқәа Аԥсны ашколқәа рҟны  имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аразра аурокқәа" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥган.

АҞӘА, абҵ 13 – Sputnik. Жәларбжьаратәи Аразра амш аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьаӡа акәны Аԥсны ашколқәа рҿы аволнтерцәа "Аразра аурокқәа" мҩаԥыргеит. Урҭ ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит аволонтерцәа адунеи аҿы рнапы злаку аусқәа рыдагьы Аԥсны еиуеиԥшым агәыҳалалратә проектқәа рҟны рхы шаадырԥшуа атәгьы.

Аволонтерцәа русура Аԥсны ааигәоуп ахы анакыз, уи ахыҵхырҭаҿы игылоуп еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәеи агәыҳалалратә еидгылақәеи. Урҭ русура ҳәаақәызҵо апрограмма шыҟамгьы, рус азҿлымҳара есааира иазҳауеит.

"Аразра аурокқәа" мҩаԥызго ируаӡәку Леиуан Лагәлаа  игәаанагарала, аволонтертә ус – ари ауаа еидызкыло акыр феида злоу акоуп. "Аразра аурокқәа" ҳара ҳзы аволонтерцәа рус ауаа рҟынӡа анагаразы амаругақәа ируакуп", — иҳәеит Леиуан Лагәлаа.

Аволонтертә ус знап алазкыр зҭаху рхыԥхьаӡара маҷым, аха зны-зынла аԥхашьара, ма аилкаара рмоур ҳәа ашәара иахҟьаны аусура имнеиуа ыҟоуп, ҳәа лгәы иаанагоит, аволонтерра аганахьала аџьабаа маҷымкәа избахьоу Камма Гоԥиаԥҳа.

Камма илгәалашәеит раԥхьаӡа акәны аволонтерра лыҽшалалгалаз. Уи далахәын ачымазаҩ хәыҷы лзы аԥара аидкылара. "Уи ахәҷы лыбла ихызбаалаз аԥхарреи аччареи сара сзы иреиҳау ҳамҭоуп", — лҳәеит Камма.

Ажәабжьқәа зегьы
0