АҞӘА, абҵ 24 – Sputnik. Х-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа еизеит Аҟәа Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра ҿыц аҵаҩҩра адгылара иазкыз амитинг аҟны.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгыло, Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иҳәеит, Аиқәшаҳаҭра ҿыц Аԥсны Аҳәынҭқарра арӷәӷәара ишазку. Уи аҵааҩра мап ацәызкуа аоппозициа ахаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟеиҵеит Аԥсны аинтересқәа аԥхьа идыргыларц. Урҭ Аԥсны ахьыԥшымра азҵаарақәа ирызкны ирымоу ашәарақәа шҵаҵӷәыдоу азгәеиҭеит.
"Ас еиԥш иҟоу Аиқәшаҳаҭрақәа Аԥсны адагьы инашьҭын егьырҭ атәылақәа рахь, иаҳҳәап Белоруссиа, Казахстан, аха Аԥсны мацара ауп иахьаиуз ақәыӡбра аоппозициа аганахь ала", — ациҵеит Габниа.
Жәлар Реизара адепутат Даур Аршба иазгәеиҭеит Аиқәшаҳаҭра раԥхьатәи апроект иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, акыр аиҭакрақәа шаиуз, урҭ аиҭакрақәа ралагалараҿы "Амцахарагьы" шалахәыз.
Даур Аршба иара убас, еизаз ирылеиҳәеит Қарҭгьы аизара шымҩаԥысуа Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра иаҿагыло. Адепутат дазааҭгылеит Аиқәшаҳаҭраҿы ишарбоу Урыстәылеи Аԥсни еизгоу армчқәа ргәыԥ аиҿкаара. Аҳәынҭқаррақәа руак аӷа данақәла, Аиқәшаҳаҭраҿ ишарбоу инақәыршәаны, уи иҿагылараҿы Аԥсни Урыстәылеи еидгылоит. Убри аҟнытә, Қырҭтәыла алшара аиуам Аԥсны азҵаара мчыла аӡбара.
Амитинг аҟны иқәгылоз еицҿакны иазгәарҭеит, Урыстәылеи Аԥсни Реиқәшаҳаҭра ҿыц алшара шыҟанаҵо ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара, ишацхраауа асоциалтә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ҿыц аҵаҩра азгәаҭоуп абҵара 24 рзы, Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини Шәачатәи реиԥылараан.