Сонер Гогәуа: Схәыҷраахыс сыԥсадгьыли сареи ҳакны ҳаҟазар сҭахын

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаҩ Сонер Гогәуа акыршықәса иԥсадгьыл ашҟа ахынҳәра иҭахын. Игәҭакы наӡеит. Уи иԥсҭазаареи иусуреи Аԥсныҟа ихынҳәра ашьҭахь ишыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит.

Сонер Гогәуа – Аԥсны аагалыхратә палата ахада ихаҭыԥуаҩ, Аусуратә Совет "Аԥсны Ҭырқәтәыла" дахантәаҩуп. Аԥсныҟа дхынҳәит 1992 шықәсазы иԥсадгьыл ахьчаразы. Уи   Sputnik акрорреспандент Лана Аҩӡԥҳа илзеиҭеиҳәеит ихьанҭаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан иԥсҭазаареи иусуреи шымҩаԥысуаз атәы.

– Шәыԥсҭазаара зегьы ҩ-тәылак ирыдҳәалоуп. Џьара шәиит, егьи шәҭоурыхтә ԥсадгьыл ауп. Иаҳзеиҭашәҳәа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа шәанбаа?

– Саныхәыҷыз инаркны аԥсуаҵас срааӡон, сыԥсадгьыл абзиабара агьама сдыркуан. Убас, сыԥсҭазаара ахықәкы хаданы иҟалеит сыԥсадгьыл ашҟа ахынҳәра. 1991 шықәсазы ус еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа соуит. Исаҳаит Кандид Ҭарба акәашаратә ансамбль шеиҿикаауаз, еилыскаауан уи Аԥсныҟа ақәгыларақәа шыҟанаҵоз. Убас, акәашара салагеит, рацәак бзиа ишызымбозгьы. Убас сыгәҭакы наӡеит, Аԥсныҟа сааит. Нас араҟа аҵара сҭалеит.

– Шәыгәҭакы анынаӡа ашьҭахь рацәак мҵыцкәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалагеит. Шәыԥсҭазаара ари аамҭа цәгьа шԥаныри?

– Ԥхынгәымза 1992 шықәсазы сҵара актәи акурс аркны Ҭырқәтәылаҟа сцеит. Нанҳәымзазы аибашьра иалагеит. Ари ансаҳа сҽеидкыланы Аԥсныҟа сдәықәлдеит. Мышқәак рышьҭахь зхатә гәаԥхарала еибашьуаз ргәыԥ аҿы сеибашьуан. Ҳара ҳгәыԥ аибашьратә аоперациақәа имаҷымкәа ҳрылахәын. Аԥсны ахақәиҭраз еибашьуаз рыбзоурала Аиааира агара ҳалшеит.

© Фото : страница пользователя в ФейсбукеСОНЕР ГОГӘУА АИБАШЬРА ААМҬАЗ
Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны
СОНЕР ГОГӘУА АИБАШЬРА ААМҬАЗ

– Иарбан уадаҩрақәоу аибашьра ашьҭахь шәыԥсҭазаараҿ иҟаз?

– Уи аамҭа даара иуадаҩын, Аԥсны амацәаз иҭакын. Аха ҳара ԥхьаҟа ҳцалар акәын, ҳҳәынҭқарра ҳаргылар акәын. 1994 шықәсазы аусура салагеит ақалақь Гагра Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩыс. Арепатриантцәа русқәа рыӡбара снапы алакын. 1995 шықәсазы аҵараиурҭа "Башаран-коллеџь" аатит, уи аартҩцәа сыруаӡәкын.

– Шәгәы ишԥаанаго иахьа зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа иахәҭоу ахылаԥшра роуама?

– Сара иахьынӡаздыруа иахьазы, Аԥсныҟа ауаа рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә комитет аус ду мҩаԥнагахьеит. Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа нхарҭала еиқәдыршәоит. Усурҭа ҭыԥла аиқәыршәара азҵаара еиҳа иуадаҩуп. Арепатриантцәа рыцхраара аус мҩаԥнагоит иара убас, Аԥсны аҳынҭқарратә аагалыхратә палата, урҭ усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара азҵаарақәа рыӡбараҿы ҳрыцхраауеит.

– Иҟаҵатәузеи ауаа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра рҭаххарц азы?

– Зегь раԥхьаӡа иргыланы, аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы агәаԥхара рыҭатәуп уи иазхәыцуа ауаа. Иаԥҵатәуп аҭагылазаашьа бзиақәа рынхареи русуреи азы. Усҟан ауп иаҳҳәар анҳалшо иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит аԥсуаа рыԥсадгьы ашҟа ихынҳәырц азы ҳәа. Сара сыгәҭакы наӡеит, сыԥсадгьыли сареи ҳакуп. Зегь реиҳа ихадоуп уԥсадгьыл ануԥхьо ақәҿыҭра, ухьышьҭрахь ахынҳәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0