ГӘДОУҬА, ԥхҷ 14 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ари амш аҽны 22 шықәса раԥхьа,ахҵәацәа зықәтәаз урыстәылатәи авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭԥраа 17 минуҭ рышьҭахь қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аиҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз аламҭалазы иҭархан, рыԥсқәа шҭаз амца иаблит 84-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, аа-ҩык зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса. Иҭахаз рыԥсыбаҩ Гәдоуҭа ақалақь анышә иамадоуп. Иахьа араҟа имҩаԥган алахьеиқәҵаратә митинг.
Агәаларшәаратә уснагӡатә иалахәын: Аԥсны аҳәынтқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, Жәлар реизара аиҳабы Валери Бганба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, Гәдоуҭа араион анапхгара, Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа, иҭахаз рыуацәеи, рҭынхацәеи.
Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа ишьҭаҵан ашәҭшьыҵәрақәа, арахь иааиуаз ауаа рхыԥхьаӡара нҵәара ақәмызт.
Алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥигеит араион акультура аҟәша аиҳабы Геннади Ҭарба.
"Иахьа 22 шықәса ҵуеит, амлеи, ахьҭеи рҽацәырахьчарц Гәдоуҭаҟа "адгьыл ду" ахь иаауаз ауааԥсыра аӷа хәымга иҭаирхеижьҭеи. 22 шықәса… Ижәбоит аамҭа шцо. Аибашьра иахаану, ари арыцҳара ду лабҿаба избаз рзы аамҭа аангылазшәа ауп ишыҟоу", — иҳәеит ицәажәара хырқәшо.
Агәаларшәаратә митинг хырқәшаны, иҭахаз рыхьӡала ацәашьқәа аркын.