АҞӘА, ԥхҷ 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарратә бызшәа иамоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы аҵрауаа, ашәҟәыҩҩцәа, адепутатцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалҵшәаны иӡбан абызшәа азҵаарақәа ирызку аусбарҭа аиҿкаара.
Аҳәынҭқарра Ахада, аизара аартуа, дазааҭгылеит аԥсуа бызшәа иамоу ауадаҩрақәа. Ҳазҭало 2015 шықәсазы, азакәан ишаҳәо ала, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы аԥсшәахь ииасроуп, аха иахьынӡахәҭоу ҳазыҟаҵам, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Уи иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵар шакәу абызшәа аиқәырхаразы.
"Аԥсуа бызшәа иахьынӡахәҭоу ала ахархәара аиуразы, аҳәынҭқарратә структура аԥҵаны, лассы-лассы аизарақәа мҩаԥганы, иҟаҵоу-иҟаҵам гәаҭаны аус аауроуп. Уи аус анагӡаразы иаҭаххо ахарџь аиҳабыра ахахьы иагоит", – иҳәеит Ҳаџьымба.
Аԥсны Ахада аизара алахәылацәа рҿаԥхьа ицәыригеит аҵарауаа Валери Кәарҷиеи, Ҭали Џьапуаԥҳаи Абызшәатә усбарҭа аиҿкааразы ргәаанагарақәа зныԥшуа авариантқәа.
Валери Кәарҷиа дызлахәаԥшуа ала, Аҳәынҭқарра Ахада иҿы иаартхар зыхәҭоу аусбарҭа шьақәгылазар ауп абызшәа арҵара аиҿкаара ахеилак, аиҭагареи атерминалогиеи рыҟәшақәа, акомпиутертә технологиақәа рхархәара аҟәша, уҳәа, хыԥхьаӡарала 25 рҟынӡа ауаа злахәхо Аусбарҭа.
Ҭали Џьапуаԥҳа Аԥсны ахадарахь иналышьҭыз авариант аҿы аштатқәа арбаӡам, уи лгәаанагарала аусура алҵшәақәа хырҳага роуразы еиҳа иманшәалоуп апроекттә система. Еиҿкаахар ауп амультфильмқәа рыстудиа, ахәыҷтәы литература иазку аҭыжьырҭа ҷыда ҳәа дахәаԥшуеит уи. Аструктура ҿыц иалало ауаа рхыԥхьаӡарагьы рацәаҩымзар ауп ҳәа иазылԥхьаӡоит, уи лгәаанагара лыцеиҩыршеит аилацәажәара иалахәыз аӡәырҩы.
Аҳәынҭқарра Ахада иҿы еиҿкаахо аусбарҭа ҿыц аинспекциатә-хылаԥшратә усқәа мҩаԥнагар ахәҭоуп ҳәа иахәаԥшуеит апроектқәа равторцәа.
Аилацәажәара алҵшәақәа рыла иӡбан аҳәынҭқарратә мчра змоу аусбарҭа ҿыц аартра. Рауль Ҳаџьымба иаԥшьгарала еиҿкаан апроектқәа равторцәеи, егьырҭ аҵарауааи злахәу аусуратә гәыԥ. Урҭ аусбарҭа ԥхьаҟатәи ашьаҿақәа разгәаҭараз ажәалагалақәа архиара рыдҵоуп. Аусуратә гәыԥ иҟанаҵо ажәалагалақәа Аҳәынҭқарра Ахада иахь инарышьҭыр ауп ԥхынҷкәын 15 иахымгакәа.