АҞӘА, ԥхҷ 29 – Sputnik. Беслан Бараҭелиа Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩыс дҟаҵоуп абарҭ аминуҭқәа рзы имҩаԥысуа Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы, ҳәа ааицҳауеит аҭыԥан иҟоу Sputnik акорреспондент.
Абжьыҭара излаанарԥшыз ала Бараҭелиа ишьақәырӷәӷәара 28-ҩык адепутатцәа адгылеит, даҿагылеит аӡәы.
"Аҳәынҭқарратә цхыраарала абанктә система аҭыԥ ақәҵара амҩа алҳхыр – акыраамҭа ҳадхалоит, аха алҵшәа бзиақәа ҳауеит", – иҳәеит иалху Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Беслан Бараҭелиа – аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, диит 1977 шықәсазы. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны аҵара иҵонаҵы аус иуан "Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рекономикеи жәларбжьаратәи аекономикатә еимадарақәеи" ркафедра аҟны. 1997-2004 шықәсқәа рзы аекономикатә маҭәарқәа дрыԥхьон. 2010-2014 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет адеканс дыҟан. 2014 шықәса жьҭаарамза инаркны Аԥсны ахада иусбарҭа аекономикатә ҟәша аиҳабыс аус иуан.