Абыргцәа рыҩнаҿы инхо Ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАбыргцәа рыҩнаҿы инхо ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит
Абыргцәа рыҩнаҿы инхо ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәатә концерт мҩаԥысит абыргцәеи ахамыхәацәеи Аҟәатәи рыҩны-интернат аҟны.

АҞӘА, жьҭ 10 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Гьаргь Ацқьа иуахәама амҽышатәи ашкол ахәыҷқәеи, ауахәама аусзуҩцәеи аволонтиорцәеи Аҟәатәи аҩны-интернат аҿы иҟоу абыргцәеи ахамыхәацәеи Ашықәс ҿыц рыдырныҳәалеит.

"Иҳақәиҭу иуасиаҭны ауаа ирзынижьит ачымазаҩцәа рҭаара, зхы иамыхәо рыцхраара. Сара сзы акраҵанакуеит ас еиԥш иҟоу агәыҳалалра зцу аусқәа рыҽрылархәра", — лҳәеит аконцерт аиҿкааҩ Мариа Недиак.

Ари раԥхьатәи ныҳәатә усмҩаԥгатәуп ҳазҭалаз ашықәс азы абыргцәеи ахамыхәацәеи Аҟәатәи рыҩны-интернат аҟны еиҿкаау.

"Абыргцәа акгьы рыгым аицәажәара ада. Урҭ еснагь асас имҩахыҵра иазԥшуп, акыргьы еигәырӷьоит аӡә данырзааиуа", — лҳәеит абыргцәа рыҩны аиҳабы Анна Кәарҷиаԥҳа.

Аныҳәатә программа адгылара арҭеит Урыстәыла аволонтиортә еиҿкаара "Старость в радость". Урҭ Аԥсныҟа иаарышьҭит аныҳәатә ҳамҭақәа. Иара убас, аныҳәа амҩаԥгара иацхрааит Аҟәа ахадара.

Абыргцәеи ахамыхәацәеи Аҟәатәи рыҩны-интернат аҟны инхоит 50-ҩык ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0