Амҩатә машәырқәа аибашьра аҟынтәи иаауа адырраҭарақәа иреиԥшуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә реформақәа ирылагатәуп доусы ҳхаҭақәа рыла – ажәлар рҟны иҟоу аҭакԥхықәрада аҿагылара азутәуп, аиҳабыра инаркны аиҵбыра аҟынӡа.

Наталиа Арлан, аексперт

Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟало атрагедиақәа зегьы хьааны ирныруеит. Аҭакԥхықәра зҵам ахымҩаԥгашьа ҭыԥ амамзар ауп иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы. Акыр аамҭа ахеиқәырхара иашьҭаз амилаҭ, аибашьраҿ аиааира згаз, аҭынч ԥсҭазаараҿы аҭахара иаҿуп. Ҳара иҳалшоит еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа, аидгыларақәа уҳәа "аглобалтә" зҵаарақәа рзы ҳҿахәы аҳәара ҳалшоит ҳхьыԥшымра ҳцәыӡыр ҳәа ҳацәшәаны, аха уаҵәы автомашьына ҳақәтәаны ҳтәылауаа ҭаҳархар ауеит. Хымԥада ииашам зегь еидкыланы рыхцәажәара. Амҩатә трагедиақәа иҟало гәыҵхас измоу ауаажәлар еиуемԥшым ажәалагалақәа ҟарҵоит аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, еиуеиԥшым акцақәа мҩаԥысуеит. Агәаанагарагьы уоуеит амашьынарныҟәцаҩцәа амҩаҿ рхымҩаԥгашьа еиҳа еиӷьхазшәа.

Ԥхынҷкәын алагамҭа инаркны амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны иҭахеит 13-ҩык ауааԥсыра. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа излаиҳәо ала, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы амҩаҿ иҭахахьеит 1182-ҩык ауааԥсыра, 4637-ҩык ахәрақәа роуит, амашәыр иақәшәо ауаа рхыԥхьаӡара есышықәса шамахамзар аҽаԥсахӡом.

Ари ачымазара ауаажәлар зегьы ирылаҽит. Ари ҳарҭ зегь еицаҳзеиԥшу рыцҳароуп. Уи еилкааны ауаажәлар аҽеидкылара рылшар ачымазара аиааира ҳаиааиуеит, иҳалымшар ҳазну амҩа ҵакыдахоит. Амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны иҳазцәырҵуа ахьаа есааира ацәымӷрахь ииасуеит, амашәырқәа ирыцлонаҵы ацәымӷра аҽарӷәӷәоит. Ацәымӷра ҵысуеит ахара зду зегь рахь: ацәгьоура ҟаӡҵаз, ачынуаа, ацәгьоуцәа зҵәахуа, анацәеи абацәеи зыхшара аҭакԥхықәра рылазмааӡаз, иара убас, лассы-лассы амҩатә машәырқәа зыхҟьо зыхә цәгьоу автомашьынақәа рахьҵәҟьагьы.

Иԥхьаӡоуп амҩаҿы амашьынақәа рхыԥхьаӡара иара убас амашәырқәа аиҳахара зыбзоуроу аекономикатә ҭагылазаашьа аԥсахра ауп ҳәа. Ганкахьала ауаа рыԥсҭазаара аиӷьхара автомашьынақәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, даҽа ганкахьала аҳәынҭқарра абеиара алшара ҟанаҵоит амҩаҿы ашәарҭадара аиӷьтәра. Иазгәаҳамҭар залшом ауаа рбеиахареи рҭакԥхықәреи еишьашәалам, уи азы аҳәынҭқарратә программақәа рылҵшәақәа маҷхар ауеит.

Ҳара ҳуникалтәым

Амҩаҿ ашәарҭадара аԥҵара азҵаара адунеи зегь аҿы ихадоу ауадаҩрақәа ируакуп, уи жәларбжьаратәии амилаҭтәии аҵакы амоуп. Адунеизегьтәи Агәабзиарахьчаратә Еиҿкаара 2009 шықәсазтәи рыҭҵаарала есышықәса амҩатә машәырқәа рҟны иҭахоит 1,3 миллионҩык ауааԥсыра, 20 инаркны 50 млн. еиуеиԥшым ахәрақәа роуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы адокумент идгалахоит

Аиҿкаара иҟанаҵо апргнозқәа рыла 2030 шықәсанӡа амҩатә машәырқәа ирыцу атравмақәа рхыԥхьаӡара иацлоит, уи иахҟьаны ауаа рыԥсҭазаара ралҵра амзызқәа рҿы амҩатә машәырқәа ахәбатәи аҭыԥ ааныркылалоит (2004 шықәсазы ажәбатәи аҭыԥ ааннакылон, иагьашьҭанеиуан аСПИДи атуберкулези).

Амҩатә машәырқәа зыхҟьо амзызқәа рацәоуп. Урҭ хырԥашьа рымам урҭ раԥырҟәҟәааразы амал иамеигӡо еиҳа иҿиоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы. Европа аҳәынҭқаррақәа рҟны 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭа анахыс аполитика мҩаԥыргоит амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара, урҭ ирхылҿиаауа алҵшәа хьанҭақәа рырмаҷразы. Уи аполитика алҵшәақәа амоуп. Иҿиоу аҳәынҭқаррақәа рметодқәа рыла амҩатә машәырқәа рҟны мап ацәктәуп "хаҭалатәи аҭакԥхықәра", уи ахаҭыԥан иаԥҵатәуп шәарҭара злам автотранспорттә система ауаҩы игхақәа азгәазҭо. Аха иарбан системазаалакгьы, иарбан мҩазаалакгьы, аԥсҟы зку ихдырра анырра рзаҭом, аԥсҭазаара ахә шамам изеилнаркаауам. Амҩаҿы ашәарҭадара ԥҵараҿы зегь реиҳа алҵшәа аазырԥшуа – арныҟәцаратә культура, аҭакԥхықәра аилкаара ауп. Зегьы ирдыруазар ауп изықәтәоу автомашьына дара рхаҭеи даҽа шьоуки ҭанархар шалшо. Аха ауаҩы ихдырра ақәгәыӷра мацарала иауам, иаҭахуп ахьырхәрагьы.

Амҩатә трагедиақәа: ахара здыда?


Аӡәгьы изы имаӡам амашьынарныҟәцаҩцәа реиҳараҩык аршаҳаҭгақәа изакәанымкәа ишроуа, уи иахҟьаны аԥсуаа ҳаишәа иацу аҵасқәа атрагедиақәа рхылҿиаауеит. Ҳшашьцылоу еиԥш ҳашьҭоуп ҳауа-ҭахыратә еимадарақәа ҳхы иаҳархәарц ацәгьоура зцәыҟалаз ауаҩы иҿыхразы, ахьырхәра иқәымшәарц азы. Уи аан ҳара иаҳхашҭуеит ҳҵасқәа, ҳауа ма ҳҭахы изы ҳаргьы аҭакԥхықәра шҳаду атәы.

Аҿиара амҩа ианылаз аҳәынҭқарразы уи аҟазааразы ашәарҭара аԥызҵо ауадаҩрақәа ақәҿнамҭыр ҟалом. Иарбан економикатә-социалтә шьҭыҵроу зыӡбахә ҳәатәу, зегь ирхадароу адемографиа азҵаара ашәарҭара ду ианҭагылоу?

Аҳәынҭқарра ахадара иҟалаз ашәарҭара иаразнакы аӡбара иалагеит, амашьынарныҟәцаразы иҟоу азакәан арӷәӷәаразы ажәалагалақәа маҷымкәа иҟанаҵеит. Ауаажәларгьы азхиоуп апроблема алацәажәара инаҷыданы аусура уи аганахь ала. Ԥхынгәымза 2014 шықәсазы аинициативатә гәыԥ амҩаҿ ашәарҭадара аиӷьтәразы апроект ықәдыргылеит, уи аҳәынҭқарратә программа шьаҭас иазыҟалар ауеит.
Уажәы асоциалтә сетқәа рҟны еиуеиԥшым акциақәа мҩаԥысуеит, урҭ амашьынарныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара иазхьадырԥшуеит, арыжәтә ыжәны автомашьына ақәтәара иаҿагылиот. Иҟан иара убас ажәлар реизара ду амҩаԥгараз аидеиагьы.

Ԥшьҩык ауаа ҭахеит амҩатә машәыр иахҟьаны

Ҳәарада, амҩатә шәарҭадара азҵаара аӡбараҿы алҵшәа еиҳахоит асистематә знеишьа, хаз игоу акциақәа раасҭа, ус шакәугьы зегь раԥхьа иргыланы иаҭахуп уиаҟара ахарџь зцым алҵшәа бзиа аазырԥшуа акциақәа рымҩаԥгара – абаржәыҵҟьа. Аусмҩаԥгатәқәа хырхарҭас ирымазар ауп амҩатә ԥҟарақәа еилазго, арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкуа, аццакра арежим иахысуа рзы аҭакԥхықәра рақәыршәара. Арҭ ауснагӡатәқәа шьақәырӷәӷәазар ауп ауаажәлар рҟны аԥҟарақәа рзы аинформациа рыларҵәара, урҭ назмыгӡо рзы иҟоу аҭакԥхықәра уҳәа. Аууаажәлар ирылааӡатәуп амашьынарныҟәцаразы акультура. Арҭ аусқәа рымҩаԥгаразы акраҵанакуеит иара убас ахылаԥшра ҟазҵо ГАИ ахыԥша, уажәазы уи акыр ихьысҳауп.

Есыҽны ҳара иаабоит амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны аҭахарақәа. Урҭ аанкылатәуп. Аҳәынҭқарратә реформақәа ҳхаҭақәа рыла ҳалагар ауп – ажәлар рҟны иҟоу аҭакԥхықәрада аҿагылара азутәуп. Аиҳабыра ррполитикатә леишәа арии аус аҿы акыр амчуп. Ари ԥышәароуп ҳара ҳзы, уи ҳахысыр ауп.

© Sputnik Леон ГунияСитуация на дорогах Абхазии
Ситуация на дорогах Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ситуация на дорогах Абхазии
Ажәабжьқәа зегьы
0