00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Сааҭла аӡоужьра Гагра ауаажәлар аринахыс ирхашҭуеит - ақалақь ахада

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБарцыц: сааҭла аӡоужьра Гагра ауаажәлар аринахыс ирхашҭуеит
Барцыц: сааҭла аӡоужьра Гагра ауаажәлар аринахыс ирхашҭуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь ӡыла аиқәыршәаразы аиҭашьақәыргыларатә усқәа актәи ретап хыркәшахоит ажьырныҳәа 31 рзы.

ГАГРА, ажь 28 – Sputnik, Саида Ажьиԥҳа. Аиҭашьақәыргыларатә усқәа анхҳаркәшалак, Гагра иқәынхо ауааԥсыра зышьцылаз сааҭла аӡы аиура аринахыс ирхашҭуеит, иҳәеит Гагра араион ахада Беслан Барцыц.

Ақалақь ахада иажәақәа рыла, анасостә станциақәеи арезервуарқәеи рыхкааразы аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит.

"Хара имгакәа, ишьақәырӷәӷәахоит аусура аҩбатәи аетап, уахь иаҵанакуеит аӡымҩангагақәа рҭагылазаашьа агәаҭара, арҭ аусурақәа рымҽхак акыр иҭбаауп, убри аҟнытә макьана еилкаам аҩбатәи аетап аԥхынранӡа ахыркәшара залшо, изалымшо", — иҳәеит Барцыц.

Беслан Барцыц иазгәеиҭеит, аԥхынразы аусурақәа рхырхарҭа аҽшаԥсахуа, аԥсшьацәа раара иаԥырхагамхарц азы.

"Аусурақәа мҩаԥыслоит ақалақь агәҭа, амҩа хадақәа рҟни амшын азааигәареи, уи иахҟьаны амҩадуқәа рҭагылазаашьа бжьысуеит, абжьыцәгьеи, агәамсами рацәахоит. Убри аҟнытә, аусурақәа ирыцҵахоит аԥхынра аниаслак", — иҳәеит ақалақь ахада.

Гагра аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргыларазы аусура мҩаԥысуеит асоциалтә-економикатә ҿиара апрограммала. Аусурақәа мҩаԥнагоит аргыларатә фирма "ООО Джанту" 2012 шықәса аахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0