Архип Лабахәуа ақалақьтә скульптура захьӡу, Аԥсназы иҿыцу ахырхарҭа аԥызҵаз скульпторуп. Иара иџьазтә усумҭақәа "Чик", "Ника", "Аҵааҵыс", "Ҭачкәым" уҳәа реиԥш иҟоу аскульптура маҷқәа Аҟәа ақалақь ахаҿра рхатә цәаҩа ахарҵеит.
Архип ихатә театр хәыҷгьы имоуп, апантомимақәа "Актиор ҟаԥшь", "Агага афҩы", "Алаԥш цәгьа", "Са сзы шьҭа зегь акоуп" рҟны атрадициатә техникеи автор ихатә техника "аплике" еицыҟоуп.
Аскульптор ихаҭа иакәзар, ари атеатр ахақәиҭра наӡа узҭо ак акәны дахәаԥшуеит.

1/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Аскульптор Архип Лабахәуа, мамзаргьы иара ихы дшашьҭоу еиԥш - Сипа, хкы рацәала анапкымҭақәа инапы иҵыҵуеит: аскульптурақәа, адекорациақәа, еиуеиԥшым абзазаратә маҭәахәқәа.

2/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Архип гәахәара дула асасцәа идирбоит инапкымҭақәа зегьы, урҭ шаԥиҵоз аҭоурыхқәа рзеиҭаҳәауа. Апантомима "Актиор ҟаԥшь" азы Архип Лабахәуа Бельгиа агран-при ианаршьеит.

3/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Архип аҵарақәагьы аҩын хәыҷқәа рзыҟаиҵеит.

4/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Ауасардәынаҭра

5/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Абанк аҿаԥхьа игылоуп аԥара зчаԥо аҵан искульптура хәыҷы, иагьахьӡуп уи "Аԥараҟаҵага".

6/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Анкьаӡа зны шьхақыҭак аҿы дынхон тәамҩахә змамыз Ҭачкәым. Уи дшыгызмалыз аԥсуаа зегьы ирылаҵәахьан. Ҭачкәым убри аҟара илан, адауыҵәҟьа дижьахьан.

7/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Архип иусумҭа "Аӡсаҩы" асахьаҿы ишыҟоу ҳирбоит.

8/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Абар иара аскульптура зеиԥшрахогьы, Архип иакәзар - даара ибаҩ ҵәуеит.

9/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Чик Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы дшаацәырҵыз еиԥш хәыҷгьы-дугьы иаразнак бзиа дырбеит. Аскульптура "Чик" ашәҟәыҩҩы ду Фазиль Искандер ифырхаҵа иоуп.

10/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Шықәсык ашьҭахь Чик диоуит аҩызагьы - Ника. Ашәҟәы адаҟьақәа рҿы аҩызцәа еицрымшәо ишеицыз еиԥш, аԥсҭазаараҿгьы арҭ аскульптурақәа еизааигәаны инхоит.

11/11
© Sputnik Томас Тхайцук
"Уилиам Аҵааҵыс" - Архип зегь реиҳа бзиа иибо скульптуроуп. "Аԥсҭазаара - мазарам, зыҵәахра аҭаху, уи - ауаа ирыцеиҩшатәу малуп", - иҳәеит афилософ.