Аҿар ртеатр апремиера ықәдыргылеит

© Sputnik Томас ТхайцукАпиеса "Акьанџьа" Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр сцена хадаҟны
Апиеса Акьанџьа Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр сцена хадаҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазара злоу актиорцәа қәыԥшцәа раԥхьаӡа акәны Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асцена хадаҟны иқәгылеит.

АҞӘА, жәб 4 – Sputnik, Анжелика Бениа. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр асцена хадаҟны актиор ҿарацәа рыпремиера мҩаԥысит, ахәаԥшцәа идырбан акыр азҿлымҳара ду зцу, апрозаик, адраматург Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭа "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа" ("Акьанџьа").

Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа лажәакәа рыла асцена ду аартра акыр аамҭа иизыԥшыз ак акәын.

Амшын аԥшаҳәа, Адраматә Театр, Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа акәны Аҿар ртеатр Аԥсны ихадароу адраматә сценаҟны иқәгылоит

"Уажәшьҭа лассы-лассы ҳажәбалоит. Аҿыц ақәыргыларақәа рыла шәыршанхареи шәыргәырӷьареи ҳҽазаҳшәалоит. Иахьа иҳамоуп акыраамҭа ҳаззыԥшыз асцена ду", — лҳәеит Агәмаа.

Аспектакль раԥхьаӡакәны иқәиргылеит арежессиор Дырмит Кәартаа, ароль хада наигӡон Амиран Ҭаниа. Апиеса ахаҭа акәзар, аԥсуа ҭаацәаратә еизыҟазаашьақәеи, аҭаацәараҿы имҩаԥысуа ауадаҩрақәеи ирызкуп.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵан 2014 шықәсазы. Атеатр аилазаараҿы ихәмаруа актеорцәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет "актиортә ҟазара" аҟәша аушьҭымҭацәа роуп, дара аус руан атеатр "Аамҭа" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0