Раԥхьаӡа акәны Аҿар ртеатр Аԥсны ихадароу адраматә сценаҟны иқәгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмшын аԥшаҳәа, Адраматә Театр, Аҟәа.
Амшын аԥшаҳәа, Адраматә Театр, Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа аҳәынҭқарратә аҿартә театра аҩаша апиеса "Акьанџьа" ала иаатуеит.

АҞӘА,  жәб 2 — Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аҩаша, Аԥсуа драматә театр асценаҟны аҿар  ртеатр раԥхьаӡа акәны иқәгылоит.

"Ари ахҭыс ҳауаажәлар рзы акыр зҵазкуа хҭысуп. Ҳара ԥшь-театрк роуп иҳамоу: Аурыс, Аԥсуа, Ҭҟәарчалтәи, Аҿартә. Аҿартә театр еиԥшу даҽа театрк Аԥсны иҳамаӡам. Ҳара ҳтеатр аҟноуп иахьуԥыло 18 шықәса зхыҵуа актиор ҿарацәа", – иҳәеит аҿартә труппа алахәыла Беслан Лагәлаа.

Аҽазыҟаҵарақәа агәеи-ҿеиҩрақәа ацны имҩаԥысуан, зегь ргәы хыҭ-хыҭуеит, асцена ахь ацәырҵра иазыԥшуп, абри атәы Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа Sputnik акорреспондент иалҳәеит. Лара лажәақәа рыла атеатр аколлектив аҟазара азхәыцра адагьы аиҿкааратә усурақәа мҩаԥнагалароуп.

Аҿартә театр аԥсуа драматург Шоҭа Ҷкадуа ипиеса, аспектакль "Акьанџьа" ала иаатуеит. Уи асепктакль аҟны зԥа инасыԥ еиқәзыршәар зҭаху ан даарԥшуп.

"Сара сгәаанагарала, аӡә илахьынҵа аԥырхагахара гәнаҳароуп. Сара ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа рацәаны издыруеит. Абзиабара уаԥырхагахар ҟалаӡом", – лҳәеит Софа Агәмаа, атеатр аартра азы иалырхыз апиеса далацәажәо.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә театр еиҿкаан  нанҳәа 20, 2014 шықәсазы. Уи аԥхьа актиор ҿарацәа Софа Агәмаа лтеатр "Аамҭа" аҟны ихәмаруан.

Ажәабжьқәа зегьы
0