Иԥхасҭахо ашәырқәа ашәырӡ рылырхлоит Франциа

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква аџьармыкьа. Архивтә фото.
Москва аџьармыкьа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьа афранцызцәа ашәырқәа агәыҳалалратә хеилакқәа рыҭара планс ирыман, аха нас ашьҭаҵарҭаҭыԥ аҟамзаара иахҟьаны експериментк аҳасаб ала иӡбан 314 тонна аҵәа ашәырӡ алхра, иаазрахыз афинанстә цхыраара рзылҩаан.

АҞӘА, жәб 6 – Sputnik. Франциа аарыхыҩцәа Урыстәыла аембарго алагалара ахарала иԥхасҭахо ашәыри ауҭраҭыхи ашәырӡ рылхра рыӡбеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Франциа ақыҭанхамҩа аминистр Стефан Ле Фоль иажәақәа ааго.

Европатәи акоммиссиа акризис аԥыхрази аџьармыкьа ашьапы ақәыргыларази иӡбан аарыхыҩцәа ртауар аџьармыкьа аҟынтә изырхынҳәо, агәыҳаларатә хеилакқәа рахь изышьҭо, мамзар аҟәшәара мап ацәызко рзы акомпмпенсациа рзылҩаара.

Аԥхьа афранцыз аарыхыҩцәа гәҭакыс ирыман ашәыр агәыҳаларатә хеилакқәа рыҭара, аха ашьҭаҵарҭа аҟамзаара ахарала иӡбан 314 тонн рҟьцын, анаҩс иҳәынҭқарратәым ахеилак Restos du Coeur арыҭара,  ишьақәыргылаз аԥҟарақәа рыла ашәыр аарыхыҩцәа ирзылҩаан афинанстә цхыраара.

"Иааго аексперимент алҵшәа алшара дуқәа аанартуеит, Урыстәылатәи аембарго ахарала иҟоу аџьармыкьаҟны аҭагылазаашьа арҽеиразы ицхыраагӡоуп", – абри атәы Франциа ақыҭанхамҩа аминистрра акоммиунике аҟны иаагоуп. Атәыла амчхара иззаиз аӡбара акризис ашьҭахьгьы аус аулоит ҳәа игәыӷуеит.

Америкеи Европатәи ахеилаки Украина аҭагылазаашьа ахарала Урыстәыла асанкциақәа рыднаҵеит. Урыстәылатәи аполитикцәа, абизнес знапы алаку, ахеилакқәа уҳәа асанкциақәа рыдҵан. Украина аибашьра Урастәыла ахарала иалагеит ҳәа иаԥхьаӡоит Мраҭашәара, иара убас Крым Урыстәыла алалара иазханаҵаӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0