АҞӘА, жәб 7 — Sputnik, Анжелика Бениа. Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рнаплыхқәа раԥхьатәи рцәыргақәҵа-аиармарка мҩаԥысит асабша, Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны.
Анаплыхқәа рцәыргақәҵа агәыҳалалратә фонд "Кармил" еиҿнакааит. Афонд ахада лажәақәа рыла, абар уажәшьҭа ҩы-шықәса ҵуеит ахәыҷқәа ааглыхра-интеграциатә ҟазарҭахь иныҟәоижьҭи, анышә иалху русумҭақәа раҧхьаӡа акәны ицәырган.
"Ҳара ҳзы ари ацәыргақәҵа аҵак ду амоуп. Аҟазара рхы иархәаны зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ирыцхраауа афонд шыҟоу дҳардырырц ҳҭахуп. Ҳара ҳҟны ахәыҷқәа ҿиоит, есыҽны рҽырыҧсахуеит. Ҳара ҳахь иныҟәо ахәыҷқәа реиҳарак ацхырааратә школ аҟны аҵара рҵоит, уаҟа арҵаҩцәа иазгәарҭеит ахәыҷқәа рыҿиара аҟны апрогресс убартә ишыҟоу: ргәынкылара иаҳа ишеиӷьхаз, ачҳара иаҳа иаадырҧшуа ишалагаз " – иазгәалҭеит Рыбакова.
Лара лажәақәа рыла аҧхьа афонд ахь иныҟәон ҧшьҩык ахәыҷқәа, иахьа урҭ рхыҧхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыман алшара рҩызцәеи рҭынхацәеи рзы аҳамҭақәа раахәара. Ааглыхра-интеграциатә ҟазарҭахь иныҟәо ахәыҷқәа хәыда-ҧсада аҵара ддырҵоит. Ацәыргақәҵа иаанаго аҧара зегьы аҟаҵарҭа иахҭынҵазаауеит.
"Сара избахьеит уаҟа ахәыҷқәа шаҟа ирҭахны, ргәы ҧсахны анышә шырку. Рнапы иҟанаҵаз анырбалакгьы ргәалаҟазаара шьҭнахуеит. Урҭ рдунеихәаҧшышьа ҽакуп, даҽа дунеи ссирк иалоуп, зынӡа иуаа цқьақәоуп, ргәы иаҳа иҧшқоуп. Урҭ рыҧшқареи, рыссиреи рныҧшоит русумҭақәагьы", — иҳәеит ацәыргақәҵа иаҭааз асахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба.
Афонд "Кармил" цәыббра 2013 шықәсазы еиҿкаан. Уи ашықәс абҵарамззы Аҟәа аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҟны раҧхьатәи аҟазарҭа аартын.
Ааглыхра-интеграциатә ҟазарҭа зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рыцхыраара хықәкы хадас иамоуп.