00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
14:33
4 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҭемыр Надараиа: ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбаразы аекономика ҳарҿиароуп

© Sputnik Томас ТхайцукГал араион ахада Ҭемыр Надараиа
Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҟны иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ақалақь администрациа ахада Ҭемыр Надараиа.

Гал ахада Ҭемыр Надараиа дазааҭгылеит араион аҟны ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы имҩаԥысуа аусқәа. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Бадраҟ Аҩӡба.

- Ҭемыр Хәыхәыҭ-иԥа шәазааҭгылар ҳҭахын араион ахадара ҿыц Гал араион ашәарҭадара аиӷьтәразы имҩаԥырго аусқәа.

— Ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара анагӡаразы ҳара аекономика ҳаԥсахыр ауп, иҳарҿиароуп, избанзар ацәгьоурақәа иахьатәи амилициа рымч ала мацара иузаанкылаӡом, аекономикаҿы аҽыԥсахрақәа ҟамлар. Ауаа рхы зланыҟәырго аусура роуртә еиԥш иаҳзыҟаҵар, ацәгьоурақәа еиҳа имаҷхоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Зегь реиҳа иманшәалоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы ацәгьоурақәа ҟалоит, аха иҳалшо ҟаҳҵар ауп урҭ рхыԥхьаӡара аиҵытәразы.

Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа. - Sputnik Аҧсны
Надараиа: Гал иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахра амилициа амчала мацара иауӡом

Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа ацәгьоурақәа ирҿагылоуп, аха урҭ ацхыраара рҭахуп. Ҳбиуџьет иахьынӡалшо ала ҳрыцхраауеит. Сгәы иаанагоит ари азҵаара азҿлымҳара зҭатәу усуп ҳәа, уи аҟны аиҳабырагьы ацхыраара ҳарҭоит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иахьа аус шыруа ирымуижьҭеи дара акыр ҵуеит, иаадырԥшуа алҵшәақәагьы бзиоуп. Ашәарҭадара аԥҵараҿы аҳәынҭқарра зегьы аус руыр ауп. Ҳәарада, аҩнуҵатәи аусқәа русуаҩцәа ртехника еиӷьтәтәуп, реилаҳәашьа, руалафахәы иацклаԥштәуп.

- Аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа Гал араион ашәарҭадара арӷәӷәаразы иарбан усқәоу инарыгӡо?

— Араион аҟны алеишәа еиҳа аҽарӷәӷәеит, амилициа аусзуҩцәа лассы-лассы ақыҭақәа ирылсуеит аҭагылазаашьа зеиԥшроу агәаҭаразы. Иубоит урҭ русушьа еиҳа ишеиӷьхаз, ауаа рышҟа инеины ирацәажәоит, иҟоу рбоит, ираҳауеит. Араион еиҳа иахьшәарҭоу, ацәгьоурақәа еиҳа иахьырацәоу имтәа-имгыла хылаԥшра азыруеит. Ашәарҭадаразы иреицәаз аҭагылазаашьа ахьыҟаз Барӷьаб ақыҭаҟны ауп, убраҟа аӷьычрақәа зегь раҵкыс ирацәан. Аҵыхәтәантәи хы-мыз рыҩнуҵҟа макьана ӷьычра ҳәа акгьы ҟамлацт. Араион амилициа аусзуҩцәа уахгьы-ҽынгьы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы аус руеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0