Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭаҟны иацҵоуп Резо Занҭариа иус аӡбара

© Sputnik Томас ТхайцукЗаседание Суда по делу Зантария и Сысак
Заседание Суда по делу Зантария и Сысак - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭаҟны иацҵоуп Аҳәынҭқарратә компаниа "Амшынеиқәафымцамч" ԥасатәи ахада Резо Занҭариа иусҭҵаара.

АҞӘА, жәб 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡбаҩ Рустам Чагәаа хадас дызмоу Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭаҟны иацҵоуп Аҳәынҭқарратә компаниа "Амшынеиқәафымцамч" ԥасатәи ахада Резо Занҭариа ихьчаҩцәа рышшаԥхьыӡ ахәаԥшра, уи инапынҵақәа дшырхысыз ала Апрокуратура хада ихацнаркыз аусҭҵааразы.

Амшынеиқәафымцамч аусыраҿы иаарԥшуп ирацәаны азакән еилагарақәа - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" аусураҿы иаарԥшуп ирацәаны азакәанеилагарақәа

Занҭариа ихьчаҩцәа аусӡбаратә еилатәараан аусӡбаҩ хада иахь ажәалагала ҟарцеит ахарадҵаҩ Џьамал Гогьиа аусӡбара далхзарц, мзызсгьы иҟарҵеит Аҟәатәи аусӡбара уи аԥхьаҟа иаднакылаз аӡбаразы аинформациатә хархәагақәа аинтервиу анриҭоз дахьақәшаҳаҭымхаз.

Аӡбаҩ Чагәаа мап ацәикит ахьчаҩцәа ражәалагала, избанзар аусҭҵааҩ Гогьиа иҟаиҵаз аинтервиу уажәтәи аилатәара иахьадҳәалам азы.

Апрокурор Џьамал Гогьиа ажәалагала ҟаиҵеит аусӡбаҩ Рустам Чагәаа аусӡбара далхзарц, избанзар уи аусӡбара нҵәаанӡа аусҭҵаара иалахәыз руаӡәк ихымҩаԥгашьа ахәшьара аиҭеит аҟнытә.

Аӡбаҩ Чагәаа ари ажәалагала мап ацәикит, избанзар аусӡбаҩ аусҭҵаара далахәзар ауеит ахара здырҵо иара иуацәамзар, мамзаргьы аусҭҵаара алҵшәақәа иара изы хырҳага рыҵамзар.

Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭаҟны Резо Занҭариа иус ахәаԥшра иацырҵоит жәабран 11 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0