Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара атранспорттә система ҿыц алагалазаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи авокзал.
Аҟәатәи авокзал. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аминистрра Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара апассаџьыртә еимадара аиҿкааразы аусурақәа реиҿкаара иаҿуп.

АҞӘА, жәб 9 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара апассаџьыртә еимадара асистематизациа азуызаауеит, абри атәы аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аминистр Виктор Хильчевски Sputnik  акорреспондент иаиҳәеит.

Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара апассаџьыртә еимадара асистема ауааԥсыра агәынамӡара рызцәырнагоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентка, ауаажәларртә транспорт лассы-ласы зхы иазырхәо Астанда Габлиа ишазгәалҭаз ала, Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара аимадара цәгьала еилахәоуп.

"Амаршрутка уахьӡо уахьымӡо уздырӡом зны-зынла. Иаҭаху амаршрут ала ианымныҟәогьы ыҟоуп. Насгьы арныҟәцаҩ имашьына ҭәаанӡа ҳәа дыԥшуп. Уи апроблема ыҟоуижьҭеи акыр ҵуеит, гәыкала ирласны иӡбахап ҳәа ҳгәыӷуеит", – лҳәеит Астанда Габлиа.

Хильчевски иазгәеиҭеит, аусбарҭа анормативтә-зинтә база амашьынатранспорттә хырхарҭа аус адулара ишаҿу, аихшанҵа шеиҿыркаауа.

"Атранспорттә хеилакқәа рхаҭарнакцәа зегьы алархәны аҭагылазаашьа аиӷьтәразы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара ҳаҿуп. Апроблема ыҟоуп, уи аԥыхра даара иуадаҩхоит, аха иҟаҳҵоит", – иациҵеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла, 20 шықәса инареиҳаны Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара аимадара ахылаԥшра амаӡамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0