АҞӘА, жәб 10 – Sputnik. НАТО рырзаҳалқәа Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа раҳасаб ала разхаҵара мап ацәкреи, иара убас ҩ-тәылак рҟынтә армчқәа ралгареи ҵакыдоуп, абас аҳәоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҟны.
"Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала разхаҵара – жәларбжьаратәи азини ООН аԥҟаԥҵәеи еилазымго иҟаҵаз политикатә фактуп", – азгәаҭоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҟны.
Ҳаҭыр зқәу Иенс ихы иаирхәыз аформулировкақәа аиаша иақәшәаӡом, избан акәзар акыр ҵуеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла иахәҭамижьҭеи, абри атәы арбоуп адәныҟатәи аполитика ахылаԥшырҭа аҟны.
Ҵыхәаԥҵәара змам НАТО Урыстәылахь иҟанаҵо Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара архынҳәразы арзаҳалқәа ҵакыдоуп, ҳәа рыԥхьаӡоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Аԥсны Адҩныҟатәи аусқәа рминистрра рҳәамҭаҟны иаагоуп рыҩҳәынҭқаррак рхьыԥшымра астатус Урыстәыла адагьы ООН алахәылацәа хәҳәынҭқаррак ишазхарҵахьоугьы.
Аахыҵ Кавказ арегион аҟны иҟалаз аполитикатә фактқәа разхаҵара мап ацәыркуеит, абри атәы аагоуп аҩада-атлантикатә алианс Ахылаԥшырҭа аофициалтә бӷьыц аҟны.
"Аԥсны ахатә мҩа ылнаххьеит – ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара амҩа иануп, НАТО ачиновникцәа рҳәамҭақәа ихьыԥшым аҿиара аԥырхагахара рылшаӡом", – ҳәа иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҟны.
2015 шықәса жәабран 5 рзы НАТО амаӡаныҟгаҩ хада Иенс Столтенберг Бриуссель ажурналистцәа рҿаԥхьа данықәгылаз еиҭа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра мап ацәикит, урыстәылатәи армчқәа алгатәуп ҳәагьы ациҵеит. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "Қырҭтәыла иахәҭакуп" ҳәа рзиҳәеит.