Вадим Матуа апркуротура хада иднаҵаз ахара политикатәуп ҳәа азиҳәеит

CC0 / / Ашьауӷатә ус. Архивтә фото.
Ашьауӷатә ус. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аладатәи аргыларатә компаниа" адиректор хада Вадим Матуеи аҳасабеилыргаҩ хада Тимур Оҭырбеи Аԥсны апрокуратура ирыдҵаз ашәахтә амшәаразы ахара иақәшаҳаҭӡам.

АҞӘА, жәб 13 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара (ЗҲӘА) "Аладатәи аргыларатә компаниа" адиректор хада Вадим Матуа Аԥсны апрокуратура хада иднаҵаз ахара иполитикатәуп ҳәа азиҳәеит, ахәаша, Аҟәа ақалақь аӡбарҭа раԥхьатәи аӡбаратә еилатәараҟны.

"Иааго аус ишьауӷатәӡам, иполиткатәуп, иҿазҵазгьы атәыла ахадара роуп", – иҳәеит Матуа.

Аԥсны апрокуратура хада аргыларатә компаниа адиректор Вадим Матуеи акомпаниа аҳасабеилыргаҩы Ҭемырр Оҭырбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә Закәанеидкыла астатиа 193 аҩбатәи ахәҭа, апункт "Б" аналогқәа 3 миллион мааҭк ршәара ацәхьаҵра азы ахара рыднаҵеит.

Зус рыӡбауа Матуеи Оҭырбеи Аԥсны апрокуратура хада ирыднаҵаз ашәахтәқәа рымшәара ахара иақәшаҳаҭӡам, абри атәы аилатәара аҟны ирҳәеит.

Зус рыӡбауа радвакат Фрида Лазԥҳа  рхара ашьақәырӷәӷәара азхаҵара азыҳәара дақәшаҳаҭӡам. Арзаҳал аҟны иаалгеит зус рыӡбауа  рыпроцессуалтәи аматериалтәи нормақәеи, иара азакәанеидкыла зинқәеи ахақәиҭреи реилагара атәы.

Аҳәынҭқарратә ахарадҵаҩ Надина Мықәба иаагоу адукат изыҳәара заацәоуп ҳәа азылҳәеит. Аха ус шакугьы апрокурор ажурналистцәа акомментари рыҭара мап ацәылкит.

Аӡбаҩ Орҳан Ҷедиа адукат изыҳәара дақәшаҳаҭӡам. Ашаҳаҭцәа рыҟамзаара иахҟьаны аӡбаратә еилатәара жәабран 27 2015 ашықәс ахь ииаган.

Ажәабжьқәа зегьы
0