Аԥсны ашәахтә система еиӷьтәзаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукИнспекция министерства по налогам и сборам по г.Сухум
Инспекция министерства по налогам и сборам по г.Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахтә система аиӷьтәра иазкыз аусуратә еилатәараҿы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ачынуаа адҵа риҭеит ҩы-мчыбжьи бжаки рыҩнуҵҟа ашәахтә закәанԥҵара аиӷьтәразы ажәалагалақәа аздырхиарц.

АҞӘА, жәб 14 — Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ашәахтә система ареформа азура иазкыз аиԥылараҿы уи иалахәыз ачынуаа адҵа риҭеит хәажәкыра хәбанӡа атәыла ашәахтә закәанԥҵара аиӷьтәразы ражәалагалақәа ҟарҵарц. Абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны ахада иусбарҭа апресс-маҵзура аҟынтәи.

"Ҳҳәынҭқарраҿы аԥара маҷымкәа иҟоуп, аха урҭ ашәшьыратә економика ҳәа изышьҭоу аҿы аус руеит, абри аҭагылазаашьа шьаҭанкыла иҳаԥсахроуп", — ҳәа ахада иажәақәа ааргоит апресс-релиз аҟны.

Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганба иазгәеиҭеит, ашәахтә система аԥсахраан уи аекономика аҿиарахьы иҟанаҵо анырра ишазхәыцтәу насгьы ахәқәа рышьҭыҵра алнаршар шауа.

Аекономиказы ахада иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа аилатәара иалахәыз иреиҳәеит ахада идҵала иаԥҵоу аусуратә гәыԥ ашәахтә закәанԥҵара аиӷьтәразы ажәалагалақәа реиқәыршәара ишаҿу.

Ажәабжьқәа зегьы
0