Афганистан аибашьра аветеран: автомашьынақәа еснагь ҵәҟьак иаҩызан

© Sputnik / А. Соломонов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗавершение вывода ограниченного контингента советских войск из Афганистана. Архивное фото.
Завершение вывода ограниченного контингента советских войск из Афганистана. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1989 шықәса жәабран 15 рзы Асовет Еидгыла арбџьарымчқәа Афганистан ралгара хыркәшан.

АҞӘА, жәб 15 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Асовет мчра арбџьарқәа Афганистан алгара анхыркәшаз аҽны аԥсуа ветеранцәа иргәаладыршәоит аибашьра амшқәа.

Асолдатцәа зҭатәаз автомашьына хьанҭақәа рколоннеи арбџьар хьанҭеи еснагь аӷа илаԥш рхын, аҵәҟьеиԥш рыбџьар азынархан, игәалаиршәоит Афгантәи аибашьра аветеран Адгәыр Габниа.

"Сара смашьынарныҟәцаҩын, аибашьцәа рматериалтә еиқәыршәара снапы ианын. Автомашьына хьанҭа "Урал" аԥсҟы скын. Шамахамзар есыҽны аколонна саланы снеиааилар акәын. Лассы-лассы афгантәи амоджахедцәа ҳаихсуан. Сҩызцәа сывыршьаауан", — ҳәа иеиҳәеит Sputnik акорреспондент Адгәыр Габниа.

Арра дахьахысуаз архәҭа Джелалабад иҟан. Уи игәалашәоит, Афганистанынтә Асовет мчра арбџьаарқәа алгахоит ҳәа анраҳа иҩызцәагьы иаргьы акыр ишеигәырӷьаз.

"Усҟан сара шықәсык инеиҳаны арра сахысхьан. Афицар Афганистан Асовет мчра арбџьармчқәа алнагоит ҳәа анҳаиҳәа сҩызцәагьы саргьы ахәыҷқәа реиԥш агәырӷьара", — иҳәеит игәалашәарақәа дырзааҭгыло Адгәыр Габниа.

Афганистан аибашьра аветеранцәа Реидгыла ахада Владимир Аршба аибашьра дақәшәеит 1981 шықәсазы, архәҭа акомандирс. Уи хадара ззиуаз архәҭа аоптикатә ԥшыхәра акәын аус ззынархаз, уи Баграм ақалақь аҟны иҟаз 108-тәи амотохысратә дивизиа иалан.

"Усҟан ҳара афицарцәа ҳхаҭагьы ҽеила иҳаздыруамызт Афганистантәи аибашьра закәыз. Сара 22 шықәса схыҵуан. Зны сыхәны сшыҟаз ахәцәа ахьыҟаз сынрыжьит. Аҵәиԥрыга ҳазԥшын, уи агоспиталь ахь ҳагараны иҟан. Убри аҽны аҭаҭын ахара салагеит. Убринахыс ҽнак ҩ-ҭрак аҭаҭын ҽнакала сахоит ", — иҳәеит Владимир Аршба.

Ҩы-шықәса ирылагӡаны Аршба дрылахәын иҷыдоу адҵақәа ԥыҭрак, урҭ руак рынагӡараан ахәра иоуит.

"Ҩынтә Панджартәи аҩхаа сыҟан. Раԥхьаӡа — лаҵара 1982 шықәсазы, усҟан сара артиллериатә полк хадара азызуан. Уаҟа ҳишьҭан иаҳҿагылаз акомандир Ахмада Шах Масуд. Аҩынтә раан ашәарҭадара аԥысҵон СССР атәылахьчара аминистр Сергеи Соколов инеираан", — азгәеиҭеит Аршба.

Афганистан аибашьра Аԥснытәи аветеранцәа иҭахаз рҩызцәа ргәаладыршәеит

Владимир Аршба игәы иаанагоит Афганистан 1985 шықәсанӡа иеибашьуаз иаҳа ирзымариан ҳәа, избанзар урҭ забашьуаз арратә ҽазыҟаҵара рымамызт. Урҭ реиҳараҩык анхацәа ракәын, аиҳабыра рполитика иақәшаҳаҭымыз. Аха нас асовет еибашьцәа ирҿагыланы ирабашьуан азыҟаҵара бзиа змаз аибашьцәа. 1983 шықәсазы ҩышықәса Афганистан аррамаҵура ахысра ашьҭахь Владимир Аршба диаган Иармантәыла иҟаз Аахыҵ-Кавказтәи архәҭахь.

Иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Аршба ианашьан Аеҵәа ҟаԥшь аорден.

"Афганистанынтә арбџьарқәа алыргоит ҳәа ансаҳа акыр сгәы шьҭнахит, уа сшыҟамызгьы. Сара издыруан Афган закәыз, убри аҟнытә сгәырӷьон асовет еибашьцәа уаҟа уаҳа иахьҭамхоз азы", — иҳәеит Аршба.

Асовет Еидгыла арбџьармчқәа Афганистан алгара иалагеит лаҵара 15, 1988 шықәса рзы, иагәхыркәшан жәабран 15, 1989 шықәсазы. Афганистан аанрыжьит 100-нызқьҩык инареиҳаны аруаа. Жәа-шықәса ирылагӡаны иҭахеит 14 нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Владимир Аршба излаиҳәо ала, Афганистан еибашьуаз Аԥсны аветеранцәа реидгыла алахәылацәа наӡоит 134-ҩык рҟынӡа. Аԥснынтәи Афганистан еибашьуаз рахьтә жәахаҩык ҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0