Афганистан аибашьра Аԥснытәи аветеранцәа иҭахаз рҩызцәа ргәаладыршәеит

© Sputnik Томас ТхайцукДень вывода войск из Афганистана. Возложение цветов в парке Славы
День вывода войск из Афганистана. Возложение цветов в парке Славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аветеранцәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьеи Идырым аибашьҩы ибаҿа аҿаԥхьеи ашәҭқәа шьҭарҵеит жәабран 15 рзы, Афганистан ар алгара аҽны.

АҞӘА, жәб 15 — Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥснытәи аветеранцәа, Афганистан иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәо, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьеи Идырым аибашьҩы ибаҿа аҿаԥхьеи ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Афганистан аибашьра аветеранцәа Аԥснытәи рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Альберт Акаба афганистан 16 мза ихигеит. Асовет Ар аҟны аррамаҵура дшахысуаз аибашьрахь дыргеит. Аветеран ишҳаиҳәаз ала, Аԥсны даангыларгьы илшон, аха иҭахымхаӡеит, ақәыԥшра иара атәы ҟанаҵон — арԥыс илаз ԥишәарц иҭахын.

"Аибашьратә операциақәа ҳрылахәхар акәын. Аԥсҭазаара даҽа блак ала уахәаԥшуа уалагоит аибашьра уанахыслак, уи ахлымӡаах ашьҭахь ууаҩны уаанхар — акраанагоит", — иҳәеит Акаба.

Афганистан аибашьра аветеран Гәырам Барцыц ҩы-шықәса инарзынаԥшуа атанк акомандирс дыҟан Афганистан. Хынтә уи дшақәтәаз иԥыржәахьан.

"Иаҳцәыӡыз ҳҩызцәа ҳгәалаҳаршәоит иахьа. Афганистантәи Адемократиатә Республика рхы ақәырҵеит. Иахьа аполитикцәа уи иашазу ииашамзу ҳәа иалацәажәоит. Ҳара усҟан аӡәгьы дҳазҵааӡомызт. Иахьҳаԥхьаз ҳцан ҳуал наҳагӡеит", — ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит Барцыц.

Аибашьра аветеран Оҭар Палаванӡиа 1980 шыәәса инаркны Афганистан дыҟан. Аԥснынтәи уи даҽа 18-ҩык ицын, жәҩык — аԥсыуаан. Урҭ зегьы еибганы ихынҳәит.

"Акызаҵәык исҭаху — Аԥсны уаҳа ахаангьы аибашьра ҟамлааит. Ҳара ҳала иабаз ҳахәҷқәа ахаан ирымбааит", — иҳәеит Палаванӡиа.

Асовет Ар Афганистан алгара иалагеит 1988 шықәса лаҵарамза 15 инаркны, иагьхыркәшахеит 1989 шықәса жәабран 15 рзы. Аибашьра ахьынӡацоз жәа-шықәса ирылагӡаны 14 нызқьҩык асовет еибашьцәа ҭахеит.Аԥсны иҟоу афганистан аибашьра аветеранцәа рхеилак 134-ҩык алахәуп. Аԥснынтәи Афганистан иҭахеит 13-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0