АҞӘА, жәб 16 –Sputnik. Еиду амилаҭқәа реидгыла амаӡаныҟәгаҩ хада Пан Ги Мун дадгылоит Украина аибашьра аанкылараз аиқәшаҳаҭра, аха агәҭынчымра изцәырнагоит Дебальцево иҟоу аидысларақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Амаӡаныҟәгаҩ хада дадгылоит жәабран 12-тәи минсктәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Украина аибашьра аанкылара дадгылоит", — аанацҳауеит Еиду амилаҭқәа реидгыла апресс-маҵзура.
Убри аан адокумент аҟны иазгәаҭоуп "амаӡаныҟәгаҩ хада агәҭынчымра ду изцәырнагоит Дебальцево аибашьра ахьаанкылам азы, даҽазныкгьы еиҿагылоу амчқәа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит аибашьра аанкыларазы аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц" ҳәа.
Жәабран 12 рзы Минск имҩаԥысыз аиԥылараҿы аимадаратә гәыԥ Украина аибашьра аанкыларазы адокумент аднакылеит. Уи иазгәанаҭо аусмҩаԥгатәқәа рахьтә ихадароуп Донбасс аибашьра аанкылара жәабран 15 инаркны.