Баграт Хәытаба: аспорт азы аминистрра аԥҵатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукХәытаба: аспорт азы акомитет аусбарҭа алхтәуп
Хәытаба: аспорт азы акомитет аусбарҭа алхтәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспорт азы аминистрра аартра Аԥсны аспорт аҿиара иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡоит Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти аҿартә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Баграт Хәытаба.

АҞӘА, жәб 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти аҿартә политикеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Баграт Хәытаба игәаанагарала Аспорт аминистрра аԥҵара хымԥадатәиуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит ашәахьа жәабран 16.

"Сара сгәы иаанагоит аспорт азы хазы аусбарҭа еиҿкаатәуп ҳәа. Еиуеиԥшым аспорт ахкқәа  зегь рыла ихаҭәааны иҟазарц азы, ҳхатә биуџьет ҳамазар ауп. Иахьазы шықәсыктәи абиуџьет 12 миллион мааҭ рҟынӡоуп роуп иахьынаӡо. Хазы игоу аусбарҭаҟны иаҳа алшарақәа ҟалоит ибиуџьеттәым аԥарақәа аспорт адыԥхьаларазы", — иҳәеит Хәытаба.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аусбарҭа аартра арыцхә алацәажәара макьана ишзаау, уи азҵаара Аԥсны ахадара ишаӡбо.

Аспорт азы аусбарҭа аартра азҵаара цәыргахоит уажәы зырхиара иаҿу Аԥсны аспорт аҿиаразы аплан аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0