Британиа алордцәа атәыла адәныҟатәи аполитика акритика азыруит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛондон. Архивное фото.
Лондон. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алордцәа рпалатаҟны иҷыдоу ажәахә еиқәзыршәаз аспециалистцәа иазгәарҭеит адәныҟаполитикатә аусбарҭаҟны астратегиатә хәыцшьа шырхашҭыз, насгьы аполитикатә культура аҵаулара шырцәыӡыз.

АҞӘА, жәб 20 – Sputnik. Бриатниа апарламент алорцәа рпалата акритика ӷәӷәа азнауит атәыла ахадара Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы иамоу азнеишьа.
Иҟаҵаз ажәахә ишьақәнарӷәӷәоит Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵоз аексперттә хәшьара Урыстәыла ароль шармаҷуаз.

"Ари амшала зынӡаск ииашамыз аилкаара ҳаман Урыстәыла иааннакылаз апозициазы", – аҳәоит агазет Guardian, алорд Тугендахт иажәақәа ааго.

Ажәабжьқәа зегьы
0