АҞӘА, жәб 23 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны аҳәаахьчараз Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭа аусуаҩцәеи Урыстәыла ФСБ аҳәаахьчаҩцәеи уахгьы-ҽынгьы Аԥсны аҳәаақәа рыхьчоит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Урыстәыла ФСБ апресс-маӡаныҟәгаҩ Сергеи Огнев Урыстәыла Атәылахьчаҩ имш аламҭалазы.
"Аруаа зегь реиԥш, аҳәаахьчаҩҩгьы аррамаҵура рхыргоит уахгьы-ҽынгьы еиԥмырҟьакәа, ӡынгьы-ԥхынгьы. Ҳәарада, аусура мҩаԥысуеит аныҳәамшқәа раангьы", — иҳәеит Огнев.
Апресс-маҵзура аиҳабы иазгәеиҭеит, аурыси аԥсуеи ҳәаахьчацәа еицхырааны Кәыдры аиҩхааҟны 80 километр иҟоу аҳәаа шырхьчо.
"Аҳәаа аицыхьчара иазгәанаҭоит аԥшыхәра-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рзынархоуп аҳынҭқарратә ҳәаа аилагарақәа раарԥшра", — иҳәеи апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Сергеи Огнев иажәақәа рыла, аҳәаахьчацәа иахәҭоу амаругақәа рыла еиқәыршәоуп русқәа лҵшәабзиала рынагӡаразы. Иара убас, уи иазгәеиҭеит аҳәаа ахьчараҿ ацхыраара шыҟарҵо аԥстәқәа.
"Акинологиатә усбарҭа алақәа аҳәаахьчаҩцәа рышьҭақәа рԥшаауеит, нас уи иаанкылараз ишьҭалоит. Иҟоуп иара убас, аҽқәагьы – урҭ аҳәаахьчацәа ҳанеиааира дырманшәалоит", — иаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Огнев.
Урыстәыла ФСБ аҳәаахьчаратә усбарҭа Аԥсны аҳәаа ахьчоит 2009 шықәса мшаԥымза 30 инаркны, напы зҵаҩыз Аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.