АҞӘА, хәжәк 5 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы аиқәшаҳаҭра аусура иалагеит иахьа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аратификациатә шәҟәқәа реимдара ашьҭахь, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Ацеремониа иалахәын Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы аиқәшаҳаҭра 22-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, "иара аратификациа азузароуп, амчрагьы аиуеит аратификациатә шәҟәқәа реимдара ашьҭахь".
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы аиқәшаҳаҭра Аԥсныи Урыстәылеи рхадаҵәа рнапқәа аҵарҩит 2014 шықәса абҵарамза 24 рзы. Аԥсны Жәлар Реизара аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, анаҩс 2014 шықәса ԥхынҷқәын 26 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан ҭижьит.
2015 шықәса ажьырныҳәа 23 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ажьырныҳәа 28 рзы – Афедерациатә Хеилак, жәабран 4 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит афедералтә закәан "Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә еилахәылареи рзы аиқәшаҳаҭра аратификациазы".