Арҿиаратә хеидкыла "Ацәыкәбар" иааиуа аҳәса рымшныҳәа азгәарҭеит

© Фото : Ахра АнквабАрҿиаратә хеидкыла "Ацәыкәбар" иааиуа аҳәса рымш азгәарҭеит.
Арҿиаратә хеидкыла Ацәыкәбар иааиуа аҳәса рымш азгәарҭеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҿиаратә хеидкыла "Ацәыкәбар" алахәцәа жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа аламҭалазы "Абзиабара - апоезиа ажәала" зыхьӡу алитературатә хәылԥазы мҩаԥнагеит.

АҞӘА, хәжәк 5 – Sputnik, Анжелика Бениа. Арҿиаратә хеидкыла "Ацәыкәбар" ахьеиҿкаау В. Анқәаб ихьӡ зху аԥсу литературатә кабинет аҟны есышықәса аҳәса рымш азгәарҭоит — имҩаԥыргоит алитературатә хәылԥазқәа, аха уаҟа сынтәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит азы ахәылԥз мҩаԥган акультуратә центр "Абаза" аҟны, абри атәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аҿы еиҿкаау, апоет Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Иара иажәақәа рыла акультуратә центр "Абаза" аҟны еиҿкааз алирикатә хәылԥазы жәларбжьаратәи аныҳәақәа: абзиабара амш жәабран 14, иааиуа аҳәса рымш хәажәкыра 8 ирызкын.

"Абзиабара аԥсҭазаара иашьаҭоуп, бзиабаралоуп аԥсҭазаара шеибарку. Убри аҟынтә арҿиаратә хеилак аԥсҭазаара аӡәи-аӡәи ргәеизыбылра, аӡәи-аӡәи рыпатуеиқәҵара, рыбзиабара, реихаҵгылара уҳәа цәыкәбарк иадымхаргьы урҭ ацәаныррақәа ирыцаҳҵар ҳҭахуп, убри ауп хықәкыс иҳамаз абри ахәылԥаз анеиҿаҳкаауаз", — иҳәеит Анқәаб.

Ахәылԥаз рхы аладырхәит аквартет "Дольче Канте", ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа, Гәдоуҭатәи аҿар рфольклортә ашәаҳәаратә гәыԥ, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа,   апоетцәа, апоет ҿарацәа, алафҳәаҩцәа, алирика абзиабаҩцәа.

Ааигәа алитературатә гәыԥ "Ацәыкәбар" Хәаԥтәи ашкол аҟны ашәҟәыҩҩы, апоет, иналукааша аԥсуа патриот Владимир Анқәаб 87 шықәса ихыҵра иазкны агәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥнагеит.

© Фото : Владимир анквабк
1/3
к
© Фото : Владимир Делбау
2/3
у
© Фото : Владимир Анкваб апа
3/3
апа
1/3
к
2/3
у
3/3
апа
Ажәабжьқәа зегьы
0