Обама Меркель данылԥыла ашьҭахь Киевҟа абџьар ашьҭра ааникылеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Ҩажәа ргәыԥ" асаммит Австралиа. Архивтә фото.
Ҩажәа ргәыԥ асаммит Австралиа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду Америкатә Штатқәеи Германиеи рԥызацәа ргәаанаграла, украинатәи акризис аилыргаразы иахьа рхы иадырхәо адипломатиатә мчрақәа "иҷыдоу аҭагылазаашьа" рыҭатәуп, иҳәеит анемец дипломат.

АҞӘА, хәжәк 10 – Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа рхада Барак Обама Франциа аканцлер Ангела Меркель данлыҿцәажәа ашьҭахь Украинаҟа абџьар анашьҭра аамҭала аанкылара дақәшаҳаҭхеит, абри атәы РИА Новости иаанацҳауеит, Вашингтон анемец цҳаражәҳәаҩ Петер Виттиг Ассошиеитед Пресс иаиҭаз ажәабжь ихы иархәаны.

"Ҩыџьа аԥхьагылаҩцәа уи азҵаарала ргәаанаграқәа еимырдеит, иахьатәи аамҭазы ахыхьчаратә абџьар ашьҭра аамҭала иаанкылатәуп ҳәа ирыӡбеит", — иҳәеит адипломат.

Иара иажәақәа рыла, Обама Меркель иахьатәи аамҭазы рхы иадырхәо адипломатиатәи аполитикатәи мчрақәа "иҷыдоу аҭагылазаашьа" шрыҭатәу азы длықәшаҳаҭхеит.

Меркель Урыстәыла аганахьала адилог дадгылоит, асанкциақәа аԥыхӡамкәа

Уи аԥхьа Обама иадминистрациа ахаҭарнакцәа Украинаҟа еиуеиԥшым ахыхьчаратә бџьарқәа рышьҭра ишалацәажәо атәы рҳәахьан. Обама Германиа аканцлер лԥылара ашьҭахь ажурналистцәа рҿаԥхьа дықәгыланы иазгәеиҭеит Киевҟа абџьар анашьҭра азҵаара макьана ишыӡбам, ҳәа аҳгәаладыршәоит АП.

Обама иусбарҭа акәзар, уи азҵаара аӡбаразы иахь аусқәа шцо алацәажәара мап ацәыркит, ҳәа аанацҳауеит агентра. Амала Аҩнышкәакәа амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак ахаҭарнак  Марк Строх  Еиду Америкатә Штатқәеи европатәи рыдгылаҩцәеи рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара ишаҿу атәы азгәеиҭеит, абас аанацҳауеит Ассошиеитед Пресс.

Ажәабжьқәа зегьы
0