54 нызқь тонна аҳамса Аԥсны акваториаҿы иркит – Ақыҭанхамҩа аминистр

CC0 / / 54 000 тонна ахамса Аԥсны акваториаҿы иркит – Оҭырба
54 000 тонна ахамса Аԥсны акваториаҿы иркит – Оҭырба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәсазы аԥсыӡкра лҵшәа бзиала имҩаԥысит, иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Рафаель Оҭырба иахьа аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба имҩаԥигаз аизараҿы.

АҞӘА, хәжәк 10 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аԥсны акваториаҿы иркит 54 нызқь тонна аҳамса, иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба иахьа аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба имҩаԥигаз аизараҿы.

"Сынтәа аԥсыӡкра акыр иманшәалахеит, ҳзықәгәыӷуаз аасҭа ҩынтә иеиҳаны аԥсыӡ кын", — иҳәеит аминистр.

Лов рыбы - Sputnik Аҧсны
Ҷыҭанаа: 2015 шықәсазы Аԥсны акваториаҿ ааглыхразы аԥсыӡкра азин ҟалом

Уи иажәақәа рыла, аҳамса акра иабзоураны ареспубликатә биуџьет ахашәала аиуит 54 миллиони 959 нызқь мааҭи рыла. 2015 шықәса нҵәаанӡа абиуџьет хаҭәаар ауп 72 миллион рҟынӡа.

Уи аԥхьаҟа Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иҳәахьан2015 шықәса, хәажәкыра 10 инаркны Аԥсны иаҿықәу Амшын еиқәа акваториаҿы аԥсыӡкра ҟалом ҳәа. Ари зыхҟьазгьы Гагра араион ауааԥсыра имҩаԥыргаз амитинг оуп. Урҭ ашәахьаҽны аҭырқәа ӷбақәа Аԥсны аԥсыӡ ахьыркуа азы агәынамӡара аадырԥшит, аҳәарагьы ҟарҵеит уи аанкылазарц.

Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы иҟанаҵаз  аҭҵаарақәа изларҳәо ала, Аԥсны иаҿықәу Амшын еиқәа акваториа иҭалоит 110 нызқь тонна аҳамса, урҭ рҟнытә акра азин ыҟоуп 40%.

Ажәабжьқәа зегьы
0