АҞӘА, хәжәк 11 – Sputnik, Наала Аҩӡба. Хылаԥшрада инхаз Ахыбрақәа зтәызтәыз рахь адҵара рӷәӷәахоит, абри атәы Рауль Ҳаџьымба иахьа имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны ирылеиҳәеит.
Ҳаџьымба иажәақәа рыла араионқәа зегь рахь ашәыҟәқәа шьҭын аусурақәа ирласны ихыркәшахарц азы.
"Даҭахума уи аҩыза аԥшәма 10-15 шықәса ахыбра арҽеиразы шьаҿак ҟазымҵац. Уи азҵаара иӷәӷәаны иқәгылазаауеит", – иҳәеит Ахада.
Ҳаџьымба иациҵеит априватизациа аконкурстә шьаҭала ашьақәыргылара шаҭаху.
Ҿырԥшык аҳасабала, ахылаԥшыҩцәа змоу асассаирҭа "Абхазия", уаанӡатәи асасаирҭа "Тбилиси" хылаԥшра змам ахыбрақәа рыԥшәмацәа ааган.
"Урҭ аобиектқәа зтәызаалакгьы ирдыруазароуп анаҩс ус аҟаҵара шыҟамлало", – иҳәеит Ҳаџьымба.
Ааигәа Ҳаџьымба иааицҳахьан хылаԥшрада инхаз ахыбрақәа зтәу аиқәышаҳаҭратә еизыҟазаашьақәа ишеиҭарыхәаԥшхо.