Ҳаџьымба: ҳара мап ацәаҳкӡом Гал араион аҟны хатәы бызшәала аҵара

© Sputnik Томас ТхайцукҲаџьымба: ҳара мап ацәаҳкӡом хатәы бызшәала аҵара
Ҳаџьымба: ҳара мап ацәаҳкӡом хатәы бызшәала аҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳара ҳгәы иҭаӡам хатәы бызшәала аҵара, аха Аԥсны азхазымҵо ашәҟәқәа рыла аҵара ҵара ҟалашьа амам, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

ГАЛ, хәжәк 12 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны ахадара, аҵара аминистрра агәы иҭаӡам Гал абжьаратә школқәа рҟны қырҭбызшәала аҵара аҟәыхра, иҳәеит аҳәынҭқарра ахада араион ауаажәлар рԥылараан.

"Ҳара ҳгәы иҭаӡам Гал араион аҟны хатәы бызшәала аҵара аҟәыхра, аха Аԥсны азхазымҵо ашәҟәқәа рыла аҵара ҟалашьа амам", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарра Аконституциа ала, аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп, аусмҩаԥгараҿы уи инаваргыланы аурысшәагьы ахархәара амазар ауеит ҳәа.

"Ҳара аԥсшәеи аурысшәеи аадыруазар ауп, ақырҭ бызшәа зҵар зҭахугьы уи аҩыза алшара рымоуп. Ҳара ахыҷқәа аҵара рхатәы бызшәала идҳарҵалар ауп", — иҳәеит ахада.

Рауль Ҳаџьымба иацтәи ипресс-конференциаҿы иҳәеит Гал араион ахада ишиирбаз араион ашколқәа рҿы аҵара зларҵо ашәҟәқәа. Урҭ рҟны азганк Аԥсны ахсаала ануп, егьи аган Қырҭтәыла, урҭ рыбжьара Урыстәыла аазырԥшуа амшә аҩ-тәылак ирыцрыхо. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны аҵара аԥсуа идеологиа аныԥшуазар шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0