ГАЛ, хәжәк 12 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҳәынҭқарра ахадара ргәы иҭаӡам Аԥсны атәылауаҩра шьоукы рыдгалара, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Гал араион ауааԥсыра рԥылараан, аԥшьашаҽны.
Ҳаџьымба иажәақәа рыла, Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара азакәантә шьаҭа аманы иҟаларц азы азакәанапроект азырхиара аус мҩаԥысуеит.
"Ҳара ҳадгылам ҳтәылауаҩшәҟәқәа мчыла шьоукы рыдгалара. Гал араион ауааԥсыра аҭагылазаашьа рымоуп рхала атәылауаҩра алхразы", — инаҵшьны иазгәеиҭеит апрезидент.
2013 шықәса цәыббрамзазы Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра араионқәа ирықәынхо ауаажәлар Аԥсны атәылауаҩра рыҭара Апарламентә Комиссиа алкаа ҟанаҵеит урҭ реиҳарак шзакәанмыз.
Акомиссиа еилнакааит хыԥхьаӡара рацәала атәылауаҩшәҟәқәа зоуз рҟнытә қырҭтәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа змоугьы шырацәоу. Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы изакәанымкәа 24 811 цыра рыҭан.