Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит

© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәРушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит
Рушьбеи Смыр ипоема Симра иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысит Аҧсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера.

АҞӘА, хәжәк 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалхны Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаҧысит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иқәыргылаз аспектакль апремиера.

Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема "Симра" аҟны XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Кавказ иҟаз аубыхцәа рхырҵәара хлымӡаах аҭоурых аныԥшуеит. Уи зыхьӡынҩылоу аубых ҭыԥҳа Симра дыҟаҵәҟьоуп, апремиера далахәын. Апоема асиужет хыҭхәыцааӡам, апоет Рушьбеи Смыр Аԥсны жәлар аибашьраҿы аиааира анырга, Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора гәырӷьаҿҳәаша иманы данрызца лара уаҟа ҭырџьманра изылуан, 22 шықәса лхыҵуан. Симра апоет диазҵааит "ҳҭоурых зеиԥшроузеи, сыжәлар абас изырлахьынҵахазеи?" ҳәа. Уи лызҵаарақәа рҭак аҟаҵара иахҳәаахеит игәыҭшьаагоу апоемагьы. Апоема 207 куплет рыла ишьақәгылоуп. Ихадоу ароль наигӡеит Аԥсуа драматә театр актиор Даур Арухаа. Симра лроль налыгӡеит актриса, ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәԥҳа.

Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 65 шықәса ихыҵит

Ахәаԥшцәа гыланы ԥыҭраамҭак рнапқәа рзеинырҟьон аспектакль иазааԥсаз зегьы.

"Аспектакль угәы арԥшаауеит, автор илшеит ҳаешьаратә жәлар ирхыргаз арыцҳара анырра ӷәӷәа змоу сахьаркыратә ажәала аҳәара. Ас еиԥш иҟоу аҩымҭақәа роуп аҭоурых аҿы инхо", — лҳәеит ахәаԥшҩы  Дифа Габниаԥҳа.

"Апоема "Симра" Кавказ ажәларқәа рҭоурых хьанҭа ашҟа ганкахьала ухьанарԥшуеит, даҽа ганкахьала уаҵәтәи ҳԥеиԥш ҳазнархәыцуеит", — лҳәеит акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа.

Апоема зыхьӡынҩалоу аубых ҭыԥҳа Симра аспектакль акыр ахә ҳаракны илшьеит.

"Иахьа Аԥсны сахьыҟоу, сыжәлар сахьрылагылоу акыр сгәы шьҭнахуеит. Рушьбеи Смыр ипоема схы-сгәы ианырит, уи ахаангьы хашҭра сзақәым. Апоет 65 шықәса ихыҵра идсныҳәалоит. Рушьбеи Смыр игәабзиара ауашәшәырара иахҟьаны иблакэа цкьа ирбом, аха гәыла иибо даара ирацәоуп," — лҳәеит Симра.

Рушьбеи Смыри Симреи реиқәшәараан лара азҵаарақәа рацәаны илызцәырҵуан иахыӡааз лыуаажәлар ирызкны. Симра лызҵаарақәа аубых жәлар рлахьынҵа цәгьа иадҳәалан. Апоет акыр шықәса игәы иҵхоз жәларык руахҭа иазкны апоема аԥиҵоит мызкы ахала-аҵыхәала.

Аспектакль анхыркәшаха ашьҭахь асценахь даарыԥхьеит уи автор, Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр, иара иҭабуп ҳәа раиҳәеит аспектакль ақәыргылара иалахәыз зегьы.

"Зыԥсыбаҩқәа ҭаԥсоу амшын, уа атәым жәҩан аҵаҟа абнақәа ирылаԥсуаз, ацәҳәырақәа ирықәԥсуаз рыԥсқәа ҭынчхаразы, ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, абааԥс, аԥыза, ҳәа ианыҳәҳәа, ахьтәы даҷқәа дырныргыла  Ҳазшаз иҳаиҭаз Владислав ду иҳақ азы, имиц, макьана зыбжьқәа ҳмаҳац асабицәа рыхьӡала иаҳуалуп ҳмилаҭтә ҭоурых хашҭра амҭакәа, ҳадгьыл аҿы ҳаԥшәмара ҳнапсыргәыҵа ианҵаны, ишҳахәҭоу еиԥш аныҟәгара", — иҳәеит апоема автор Рушьбеи Смыр, дагьныҳәеит убри ҳалшарц азы Анцәа амчи аҟәышреи ҳаҭәаишьарц.

"Режиисиорк-ақәыргылаҩк лаҳасаб ала сара сзы аҭакԥхықәра ду ацуп апоема "Симра" ақәыргылара. Автор 207 куплет ирҭеигӡеит ҳҭоурых аҟны зегь реиҳа ишьаарҵәыраз аамҭа – амҳаџьырра, жәларык рахыӡӡаара. Сара хықәкыс исыман аҭоурых шыҟаҵәҟьаз аарԥшра", — лҳәеит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа.

Апоема "Симра" спектакльны ақәыргылара Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 65 шықәса ихыҵра аиубилеи иазкуп. Аспектакль ақәыргылараҿы ацхыраара ҟарҵеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи, Арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилаки.

© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәРушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера. Симра
1/3
Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера. Симра
© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәРушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиераҿы. Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа
Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
2/3
Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиераҿы. Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа
© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәРушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит
Рушьбеи Смыр ипоема Симра иалху аспектакль апремиера. Хьыбла Мықәԥҳаи Даур Арухааи - Sputnik Аҧсны
3/3
Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит
1/3
Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера. Симра
2/3
Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиераҿы. Симра, Рушьбеи Смыр, Ельвира Арсалиа
3/3
Рушьбеи Смыр ипоема "Симра" иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит
Ажәабжьқәа зегьы
0